Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа аиога азы: анапы еиҿаршәны атәара мацара акәым иаанаго, уи мҩоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кварчия
Абессалом Кварчия - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 21 аиога иамшуп. Ауаажәларратә усзуҩ Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аиога аҵакы.
Кәарҷиа аиога азы: анапы еиҿаршәны атәара мацара акәым иаанаго, уи мҩоуп

Аиога Жәларбжьаратәи амш азгәарҭоит рашәара 21 азы. Аашықәса раԥхьа Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Ассамблеиа Хада Индиа аԥыза-министр Нарендра Моди лажәалагалала арезолиуциа аднакылеит аиога амш азы. Ари амш машәыршақә иалрымхит, рашәара 21 ашықәсан зегь раасҭа иауу мшуп, анаҩс амш агхара иалагоит.

"…Аиога Индиа ицәырҵит, аҭоурых даара иҵаулоуп, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа ҩышә шықәса раԥхьа Патанджали ҳәа дыҟан аиог ду, убри иҟаиҵеит асистема. Аиога аԥҟарақәа инарықәыршәаны зхы мҩаԥызго даара доуҳала, леишәала аԥсабара иазааигәоу уаҩуп. Ҳазшаз иԥҟарала аԥсабара азнеишьа, ахымҩаԥгароуп ҵакыс иамоу аиога. Цәаныррала иудыруа иаҳа ирацәахоит, иаҳа иузымариахоит аԥсҭазаараҟны ахымҩаԥгара, анхара… Ауаҩы иԥсы ахьынӡаҭоу ихы шымҩаԥигаша аԥсабара аҿаԥхьа, иуаажәлар, иқыҭа, иуа-излацәа, иҭаацәа рҿы, абри амҩа дахьықәу ихы шымҩаԥигаша аҵанакуеит… Аԥсуаа ҳҟны аԥси ацәеижьи еидыганы ирыхцәажәоит… аԥсуаа ҳҟны ирҳәалоит "Ҳазшаз дисасуп" ҳәа, аԥсҭазаараҟны ҳара ҳсасцәоуп, убри аҟынтә сасцәаҵас ҳхы мҩаԥаагароуп. Ииашаны ухы мҩаԥугарц азы аиога аҟны аа-ҩаӡарак ыҟоуп. Аԥхьатәи аҟны ауаҩы ибызшәа ирыцқьароуп, аиакәым имҳәароуп, анаҩс ихәыцрақәа ирыцқьароуп, уи ашьҭахь убаҩ арҵәра уалагоит… Аиога анапы еиҿаршәны атәара мацара акәым, уи ахымҩаԥгашьа иаша, ауаҩы шаҟа аԥсабара дазааигәахо, Ҳазшаз деиликаартә, цәаныррала дгәеиҭартә даназааигәахо аиога ауп…Аиога уи амҩа ауп, Ҳазшази уареи шаҟа шәеизааигәахо ауп", - иҳәеит Кәарҷиа.

Иаҳа инеиҵыхны аицәажәара аудиофаил аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0