Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба афымцалашаразы: аҳәынҭқарра иаҳҭо аныҟамла, иҳанаҭогьы ҟалом

© Foto / предоставлено Валерием АвидзбаВалерий Авидзба
Валерий Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2021
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ахадараҟны араион ақыҭақәа рнапхгаҩцәеи, ашәарҭадаратә маҵзуреи, азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥысит. Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит хадаратәла иззааҭгылаз азҵаарақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҩӡба Гәдоуҭа араион аҟны афымцалашара ахә ахшәаара иазкны

"Афымцалашара, адгьыл ашәахтә, аҿкчымазара рызҵаарақәа шьҭыхын. Зегь раԥхьа иахьа игылоу ачымазара азҵаароуп. Ииашаҵәҟьаны, Гәдоуҭа ахәшәтәырҭаҟны аҭагылазаашьа ижәдыруа ауп. Ҳаицәажәеит ақыҭақәа рхадацәеи ҳареи аԥсылганӡа атәара ҟарымҵарц, иара убасгьы ачарақәа аанкылазарц", - иҳәеит Аҩӡба.

Иара убас Аҩӡба иазгәеиҭеит ақәҵара шрыдыркылаз, мчыбжьык ахы-аҵыхәала ақыҭақәа рхадацәа аизарақәа мҩаԥыргарц, анхацәа излауала алашара ахә 100 процентк акәымзаргьы, иахьынӡауа иршәартә аҟаҵаразы.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0