Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Хәарааԥҳа аволонтиорцәа апандемиа аамҭазы

© SputnikАлиса Хорава
Алиса Хорава - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2021
Анапаҵаҩра
Апсихолог Алиса Хәарааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аволонтиорцәа рхыԥхьаӡара амаҷра зыхҟьаз, аҿар аус рыдулара азҵаара иаҵанакуа, урҭ еидызкыло, русура ҳәаақәызҵо арбану, иара убас акоронавирус ацәшәара ауаа заҟәыҵ уҳәа.
Хра злоу ахҭысқәа: Хәарааԥҳа апандемиа аамҭазы аволонтиорцәа рызҵаара атәы

"Мзызс иамоуи ауаҩы волонтиорс ицара? Мзызс, ҵаҵӷәыс ас еиԥш ацхыраара ихаҿы изааигаз аилкаа аҭатәуп. Насгьы агәаҳәареи амчи анеиқәымшәо ҟалоит. Иаҳҳәап, ауаҩы ԥсабарала илоуп ауаҩы ицхраара, уи ихаҭа игәабзиара, иемоцианалтә цәаныррақәа еиӷьнатәуеит. Уи, ҳәарада, зегьы иаҳныруеит, избанзар иаҳбоит, абзиара аныҟауҵо, угәалаҟазаара шеиӷьхо, ацәгьа аныҟауҵо аасҭа. Аволонтиорцәа рыуаажәлар ирыцхраар рҭахуп, аха мзызс иамоуи уи. Иҟалоит ауаҩы аидеологиатә ҵаҵӷәы имазар - аԥсҭазаара ҭышәынтәалазарц, ибзиахарц, даҽаӡәы иҭахуп иҟаиҵо аҿы ихы ԥишәарц, исылшарыма абри ҳәа, аҽаӡәы хаҭалатәи азнеишьа имоуп уи ахьихәо ҳәа, афинансқәа рганахьала акәымкәа, аемоционалтә планла", - ҳәа азгәалҭеит Хәарааԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0