Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ӡаԥшьба ашахмат азы: ауаҩы ихәыцраз еиӷьу макьана иҟамлацт

© Foto / предоставлено Русланом ДзапшбаРуслан Дзапшба
Руслан Дзапшба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 20 ашахмат Жәларбжьаратәи амш азгәарҭоит 1966 шықәса раахыижьҭеи. Ашахмат асра азҟаза, аспорт азҟазарахь акандидат Руслан Ӡаԥшьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ари аспорт хкы аҟны раԥхьатәи ишьаҿақәеи иара иԥсҭазаараҿ ҭыԥс ианнакылои ртәы.
Ӡаԥшьба ашахмат азы: еиӷьу макьана ирымхәыцт ауаҩы ихәыцразы

"Аус ашьҭкааразы ауаҩы дазҿлымҳазароуп, мчыла узыхәмаруам, иуцааиӡом. Знык ари ахәмарра згәаԥхаз уажәшьҭан дзадҵуам, иԥсҭазаарахоит, дыхәмарцыԥхьаӡа игәалаҟазаара шьҭнахлоит. Атеориа узымдыркәа узыхәмаруам, уи ада ухәмарра аҳаракыра узышьҭхом. Уи анудыруа ахәмарра узымариоуп, ахәыцразы аамҭа уркьаҿуеит. Ашахмат ауаҩы ихәыцра еиӷьнатәуеит, абжьаратә школқәа рҟны еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҿы маҭәарк аҳасабала иаларгалоит. Еиӷьу макьана ирымхәыцт ҳәа азгәарҭоит егьырҭ амаҭәарқәа рҿы ақәҿиарақәа раарԥшразы", - иҳәеит Ӡаԥшьба.

Шәазыӡырҩы аудиофаил.

Ажәабжьқәа зегьы
0