"Схаҭыԥуаҩцәеи сареи ашкол аҿы ҳаҟоуп, ҳалацәажәоит иааиуа аҵарашықәс. Цәыббрамзазы ашколқәа рҵара апроцесс хацыркхо иаанкылахо макьана иҳаздырӡом, аха аҵыхәтәантәи ҩышықәса иаҳнарбеит иҷыдоу аҭагылазаашьа аҳәынҭқарраҿы ианыҟала ашколқәа русура шеиԥҟьо. Иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳақәхоит, уи ҳахьынӡазхәыцуа аамҭа ҳацәцоит, ҳаиламхарц азы еиуеиԥшым авариантқәа ҳрызхәыцуеит. Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгара ирыдыркыло ақәҵара ҳаздыруам, аха Гагра араион аҷыдарақәа амоуп. Раԥхьа иргыланы Гагра – атуристә раионуп, цәыббрамзазы ара зыԥсы зшьо ауаа рхыԥхьаӡара рацәоуп, ахәыҷқәа рныҟәара иацлар, ақалақь аҩнуҵҟа ауаажәларратә транспорт иҭало рхыԥхьаӡара рацәахашт, убри аҟнытә цәыббрамзазы аҵара апроцесс аанкылара ҟаларгьы ауеит ҳәа агәаанагара сымоуп. Уи анаҩс онлаин аформат ахь ҳмиасыр ҳнапхгара абжьгара раҳҭар ҳҭахуп, агуманитартә маҭәарқәа онлаин формат ахь ииаргарц. Ҩымчыбжь рахьтә знык аҵаҩы азшьа формала ашкол аҿы дааины иаиҭо, егьи абжьара арҵаҩи иареи онлаинла аимадара рыбжьаҵаны, аха ҩрала иҟоу амаҭәарқәа аҵаҩцәа еихша-еихшаны ашкол аҿы имҩаԥаагаларц", - ҳәа азгәалҭоит Гәынԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.