Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа аротавирус иаргәамҵуа ахәыҷқәа рзы: шәҩык инареиҳаны иҳадҵаалоит ҽнак

© Sputnik / Марианна Кубрава Игорь Джопуа
Игорь Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2021
Анапаҵаҩра
Аротавирус, акьатеитә инфекциа аԥхын аамҭазы рхы шаадырԥшуа, ичмазаҩу ахәыҷқәа ахьынӡарацәоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа.
Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа есышықәса ибжьызхуа аротавирус сынтәагьы алеишәа арцәгьеит. Аҟәатәи ахәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы аҭыԥ ыҟам, арахь ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иацымлозар, иагхом. Избан есԥхынра изацу ари ачымазара? Изыхҟьои, ахәышәтәра шԥахәҭоу? Азҵаарақәа рҭак арадио Sputnik аефир аҟны иҟаиҵеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа.
Џьопуа аротавирус иаргәамҵуа ахәыҷқәа рзы: шәҩык инареиҳаны иҳадҵаалоит ҽнак
"Иахьатәи аамҭазы ахәыҷқәа шәҩык инареиҳаны иҳадҵаалоит, урҭ рҟынтәи 60-70 % абри аротавирус рымоуп, акьатеитә синдром ҳәа изышьҭоу ацны. Адәахьцара аума, ргәалаҟазаара аума, иҽеим, ирҿырхуеит, ахәыҷқәа иҳадҵаало даара ирацәоуп. Уи зегьы амшын иахароуҵар иашам. Аԥхын амшын аҟны абактериақәа иаҳа ирацәахоит, ахәыҷқәа аӡы аныржәлак ирԥырхагахоит, аха уи адагьы афатә иҟанаҵоит, анапыӡәӡәаарагьы иадҳәалоу. Иара авирус уи ҳауалагьы ииасуеит. Ахәыҷқәа ахьеибабо, иахьеицыхәмаруа иахҟьаны авирус аҽаҟьеит, сынтәа ирацәаҩны иҳадҵаалоит уи змоу", - иҳәеит Џьопуа.
Иара иазгәеиҭеит уи авирус иаразнак ишузеилмырго, COVID еиԥшны ахы шаанарԥшло, убри аҟынтәи аҳақьымцәа рыдҵаалара шхымԥадатәу.
"Урҭ рцашьа зегьы еиԥшуп, амцашоура иоуеит, ахәыҷы иҿихуеит, адәахьы дашьҭуеит. Иахәҭоу анализқәа ҟаҵатәуп, аҳақьым дихәаԥшроуп ахәыҷы. Аковид азы аекспресс-тест ҟаҵаны, анаҩс ПЦР-тест ала игәаҭаны еилкаатәуп изакә чмазароу, избанзар аԥхьа ахы анаанарԥшуа еиԥшуп. Аҭаацәа рахь схы рханы ирасҳәоит, рхала ахәшәтәра мҩаԥырымгаларц", - иҳәеит аҳақьым Џьопуа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Ажәабжьқәа зегьы
0