Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьергьениа еиҭеиҳәеит Кәыџба иашҭахь уназго амҩа аус шадыруло атәы

© Foto / предоставлено Тенгизом ДжергенияТенгиз Джергения
Тенгиз Джергения - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2021
Анапаҵаҩра
Риҵатәи аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа Кәыџба иашҭахь уназго амҩа аҟаҵара ишаҿу атәы еиҭеиҳәеит Риҵатәи Амилаҭтә парк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгьиз Џьергьениа.
Џьергьениа еиҭеиҳәеит Кәыджба иашҭахь уназго амҩа аус шадыруло атәы
"Аханатә 2015-16 шықәсқәа рзы арыцқьарақәа мҩаԥаагеит, 22 километра Кәыџба иашҭа амҩа алганы иҟоуп Шьмах ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҟынӡа. Аха ашықәсқәа рнаҩс амҩа ԥхасҭахеит, ҵыԥхцәа адольменқәа хыртланы, аӡха ԥшӡа аҳаԥқәа ацны атуристцәа рзы амаршрут хҳартлеит. Уи ашьҭахь иҿыцу даҽа ҭыԥк ахь амҩа ааҳартит, анышә иалху 20 метра иҟоу ацҳа уқәсны ушнеиуа ҵаҟа аӡиас ииасуеит. Ауадҳара амҩала 28-тәи акилометр аҟны амаршрут ааҳартит. Атрактор бжьаҳҵан ажәытә мҩа ааҳартит. Атуристцәа ахьлыбаауа шьапыла аныҟәара рықәымшәарц амҩа аҟаҵара ҳаҿуп… Ауазикқәа бжьысыртә иҟаҳҵоит", - иҳәеит Џьергьениа.
Иаҳа инарҭбаау аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0