Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Тәанба еиҭеиҳәеит амшцәгьақәа рышьҭахь "Аԥсныргылара" анапы иану аусутә атәы

© Sputnik / Леон Адлейба Руслан Тванба
Руслан Тванба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2021
Анапаҵаҩра
Амшцәгьақәа раан аԥша ихнашәаз ахыбқәа реиҭашьақәыргыларазы инарыгӡо аусурақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Аԥсныргылара" аиҳабы Руслан Тәанба.
Тәанба еиҭеиҳәеит амшцәгьақәа рышьҭахь "Аԥсныргылара" анапы иану аусутә атәы
"Дҵас иахьа уажәраанӡа иҳамоу ахарџьнҵатә шәҟәқәа реиқәыршәара ауп. Ԥхынгәы 4 рзы иҟаз аԥшасраан ааха зауз аҩнқәа ҭҵааны Аминистрцәа реилазаарахь ашәҟәқәа раҳҭоит. Абри ауп иаҳуалу, иахьанӡа 150 обиект инареиҳаны иҭҵаауп, егьи амчыбжь азы 54 обиект Гәдоуҭа араион иаҵанакуа, ашәҟәқәа еиқәыршәаны ишьҭоуп, иаанхеит Аҟәа араион ахԥатәи аҩнусбарҭа иаҵанакуа 44 хыбра, урҭ ҳарҿуп иахьазы. Ашәҟәқәа реиқәыршәара мариаӡам", - иҳәеит Тәанба.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0