Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Инџьгьиа ААУ адкыларатә ԥышәарақәа рзы: абжеиҳараҩык хԥа-хԥа ҳәа ауп ишарҭаз

© Sputnik / Томас ТхайцукИнджгия Джамбул
Инджгия Джамбул - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭкарратә университет аҿы аҵарашықәс ҿыц ианалаго атәы, насгьы сынтәатәи адкыларатә комиссиа имҩаԥнагаз аусура алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит ААУ апресс-маҵзура анапхгаҩы Џьамбул Инџьгьиа.
Инџьгиа ААУ адкыларатә ԥышәарақәа рзы: абжеиҳараҩык хԥа-хԥа ҳәа ауп ишарҭаз
ААУ аҿы актәи акурсқәа аҵара иалагоит цәыббрамза 6 рзы, егьырҭ акурсқәа ракәзар, цәыббрамза 15 инаркны, ҳәа адырра ҟаиҵеит Инџьгьиа.
Аҵараиурҭа апресс-маҵзура анапхгаҩы иажәақәа рыла, адкыларатә комиссиа иаднакылеит зынӡа 689-ҩык рарзаҳалқәа, урҭ рахьынтә 588-ҩык актәи акурс астудентцәа ҳәа иԥхьаӡоуп.
"Егьырҭ ашықәсқәа еиҿҳарԥшуазар, сынтәа иҭалоз абитуриентцәа рдыррақәа иҵегь иҳаракызарц ҳҭахын, избанзар, абжеиҳараҩык хԥа-хԥа ҳәа ауп аԥышәарақәа шарҭаз. Уи аханатә ауниверситет анапхгара иазыԥшын ус еиԥш аҭагылазаашьа, аха иҵегь еиӷьзар ҟалон", - ҳәа азгәеиҭеит Инџьгиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0