Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьапуаԥҳа аҭаацәа қәԥаны акласс ахь ахәыҷқәа анырышьҭуа азы: иҽеим политикоуп

© Foto / предоставила Ия Джопуа Ия Джопуа
Ия Джопуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2021
Анапаҵаҩра
Изыӡбода ахәыҷқәа здызкыло арҵаҩцәа рус, аҭаацәа иалырхыз рҵаҩык иахь иқәԥаны рҽақәдмыршәарц иаҟаҵатәуи, абри азы арадио Sputnik аҿы лгәаанагара лҳәеит аԥышәа змоу арҵаҩы, Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи 5-тәи ашкол ааӡара аус аиҿкааҩ Ииа Џьопуаԥҳа.
Џьопуаԥҳа аҭаацәа қәԥаны класс ахь ахәыҷқәа рышьҭразы: иҽеим аполитика
"Аҵара ахьуҵаз шәҟәыла уи ҽакуп, аусураҿы уаналаго зынӡа ҽакуп. Аусураҿы арҵаҩы қәыԥш ашкол аҿы аиҳабацәа ацхыраара лырҭар, аҭаацәагьы лывагылар, убасҟан ауп акахьы ианкылуго ахәыҷқәа. Иқәыԥшу арҵаҩы зынӡаск улацәшәар аҭахӡам, илывагылатәуп", - ҳәа азгәалҭеит Џьопуаԥҳа.
Арҵаҩы аҭаацәа рхымҩаԥгашьа класск ахь иқәԥаны рнеира ахҳәаа азыҟалҵеит.
"Ажәа "амода" иауазар ара аҳәара, убри иаҩызахеит еиханы аҭаацәа класск ахь рцара. Сара издыруеит, ҳашкол аҿы шаҟантә иҟалахьаз, иқәԥаны абри арҵаҩ лахь днасымгар ауам ҳәа ахәыҷы днаргоит, шықәсыбжак ашьҭахь диазгар ҟалома ҳәа иааиуеит. Арҵаҩы уигәҭамсыр ауп. Убри зегьы ахьцо аҭаацәа рҟнытә ауп ", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьопуаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0