Амшыннырцә иҟоу ҳашьцәа ахҵәара иазку рхәыцрақәа ҳацеиҩыршеит

© Фото : Денис ЧачхалиаҚьефқьен, ахҵәара иалаӡыз ргәалашәара амш
Қьефқьен, ахҵәара иалаӡыз ргәалашәара амш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 21 – ахырҵәара иақәдыршәаз ҳауаажәлар ргәалашәара иамшны иԥхьаӡоуп. Ҭырқәтәыла Амшын Еиқәа иӡхыҵыз аԥсуаа аӡәырҩы рыԥсҭазаара иалҵит, иаанхазгьы анаҩстәи рлахьынҵеиқәаҵәа атәымџьара изқәынҵәаз аҭыԥқәа ирҿахәханы иаанхоит.

АҞӘА, лаҵ 21 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны мчымхарыла зҭоурыхтә ԥсадгьыл иахыгаз ҳауаажәлар амшыннырцә иахьнанагаз акыр амыҟәмабарақәа ирықәшәеит. Изҭагылаз агәаҟра рызхымгакәа зыԥсҭазаара амҩан иалҵыз, амшынгәы ихыԥсылаз шаҟаҩ ыҟоузеи!? Иӡхыҵыз ракәзар, рымчқәа зегь еизыркәкәа Аԥсны аԥсабара еиԥшыз аҭыԥқәа ԥшааны анхара рҽазыршәо иалагеит. Аха уаанӡа иҭагылан аԥышәара аамҭа…

Ари алахьеиқәҵаратә мшы аламҭалаз ҳдиаспора ахаҭарнакцәа Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит ахҵәара аамҭа иаҭынхаз агәалашәара хьанҭақәа.

Аадем Махариа

"Ӷбала иӡхыҵыз рацәоуп Қьефқьен. Иԥсны иҭыргақәазгьы рхыԥхьаӡара ҵҩа амам. Амлакреи ачымазареи рацәан. 500-ҩык ахәыҷқәа ԥсны иҭыргагәышьеит аӷбақәа. Амшын аҟәара шаҟаҩ ықәынҵәазеи, издыруада? Џьара ԥсабарак ҳзыԥшаауазар ҳәа амҩа ианылаз иԥсқәазгьы рацәагәышьоуп. Қьефқьен иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз иргылоуп абаҟа. Арантә иӡхыҵны, зыԥсы ҭаны иаанхаз, Ҭырқәтәыла рҽыԥсаҟьаны рҽаларыԥсеит, ҳхы ҳзеиқәырхозар ҳәа. Иҟоуп Самсун, Трабзон,  уҳәа егьырҭ аҭыԥқәа рахь иӡхыҵыз. Усҟан Ҭырқәтәыла атәы даархәон дырҭиуан. Сҭамԥыл иҟан  ауаа ахьырҭиуаз аџьармыкьа. Ԥҳәыск лысаби амҩахь дыԥсгәышьеит. Иаанхаз лхәыҷқәа ҩыџьа лыманы еибганы аӷба илабаагәышьеит. Аха лхәыҷеиҵбы амла дакын дыԥсгәышьеит. Инхаз лԥагьы дыԥсыр ҳәа дшәаны Стампыл аџьармыкьахь дылгеит дылҭиразы. Ахәыҷы даазхәарц заҭахыз ауаа дрылаԥшуеит. Дзысҭарыда, деиқәзырхарыда ҳәа. Сыҷкәын абри аҩнаҭа дныҟәнагоит ҳәа ззылгәахәуаз аӡәы дылбан ахәыҷы даазхәоз ан ус длазҵаауеит: "Ибҭахыузеи ахәыҷы изы?" — иҳәеит. Ԥара хәыҷык аӡбахә лҳәагәышьеит ан рыцҳа. Ахәыҷы даазхәоз иџьыбахь инапы анирха, ан лыла ҭаа лыҷкәын диҿаԥшуан. Аҷкәынгьы иан длазҵааит: "Сан, ари дазусҭада?" – ҳәа. Ан рыцҳа лгәы еиҟәжәагәышьеит. Лгәаҵәа аиха алан. Иалаз аихагьы жьақцан. Лшьа иалалахьан. Маҷк дныҟәаны днаскьазаргьы, лгәы ҿкааны дыԥсгәышьеит", — ҳәа игәалаиршәоит Ҭырқәтәыла, Болу ақалақь аҿы инхо Аадем Махариа.

© Фото : Денис ЧачхалиаМаи 21 – ахҵәара иақәдыршәаз ҳауаажәлар ргәалашәара амш аҽны, Қьефқьен
Маи 21 – ахҵәара иақәдыршәаз ҳауаажәлар ргәалашәара амш аҽны, Қьефқьен  - Sputnik Аҧсны
Маи 21 – ахҵәара иақәдыршәаз ҳауаажәлар ргәалашәара амш аҽны, Қьефқьен

Шьенаси Ҭраԥшь

"Қьефқьен ирацәоуп Амшын Еиқәа аҟәара иқәыԥсаз хәыҷи-дуи рнышәынҭрақәа. Шаҟаҩгьы нышәнапык рмоуӡакәа Амшын Еиқәа иалаӡзеи ацәҳәырақәа ирықәԥсзеи?

Гәабалы ҳәа изышьҭоу амшынбаӷәаза амшцәгьаан амшын ацәқәырԥақәа ажәҩан иаҵакьысуеит. Уа иӡхыҵны иԥсыз аԥсуаа рацәаҩуп. Ачымазараҽкы зыхьқәаз ыҟоуп. Асабицәа усҟан иԥсқәаз иахьа ҳандуцәа, ҳабдуцәа ирықәло роуп. Ҳауаажәлар ирхызгар агәаҟра ҳгәы ҭнашьаауеит, саргьы урҭ ирхылҵшьҭроу сауп",  – дҳацәажәон Шьенаси Ҭраԥшь.

Агәырҩацәгьеи, арыцҳара ӷәӷәеи зыхганы амшын нырцә иӡхыҵыз ҳауаажәлар аамҭа кьаҿк иалагӡаны рыбжеиҳараҩык ҭахон. Иаанхоз ирыцәтәымыз ԥшаҳәак аарла ршьапы нықәдыргылон. Аха, анаҩстәи ахеиқәырхаразы рҭагылазаашьа уадаҩӡан. Аԥсҭазаара ацынхәрас аԥсра абла иҭаԥшуан. Изларҳәо ала, урҭ рыҵәаабжьы зыԥсы ҭоу ауаҩы ицәа дҭанарӡыӡон.

Маҳинур Папааԥҳа

"Ақыҭақәа ршьапы кны, ақьалқәа ргыланы анхара иалагеит. Ашьшьыҳәа рҭыԥ иқәлагәышьеит. Иахьа уажәраанӡа ҳҽеиқәырханы ҳааигәышьоит. Сгәы иаанагоит  уажәшьҭарнахыс ари аҩыза агәаҟра ҳҭагыларым ҳәа. Ахырҵәара иақәдыршәоз ҳауаажәлар рмузеи аус рацәаны иадулатәуп, ҳҭоурых ҳмырӡроуп.

Омар Беигәаа ибзоураноуп ишырдырыз Қьефқьен. Уа иҟалаз атрагедиа инеиҵыхны изҩыз, изҳәаз Омар Беигәаа иоуп. Елиф Қьецԥҳа лмыҭкәма анызҵазгьы иара иоуп. Избанзар иара иангьы иӡхыҵқәаз дреиуан. Иан лҟынтә иаҳаз рацәан, ианиҵеит", – илгәалалыршәоит аҵарауаҩ Маҳинур Папааԥҳа.

Феридун Аҟәысба

"Бабалы-Қараач ақыҭа (Арашҵла) ахьӡуп. Феодалк дынхазаарын, иара итәын аҭыԥ. Аҵлақәа ԥырҟар иуамызт. Аԥсуаа дыршьит, иан гәаҟ. Даныршь аԥсуаа пату рықәырҵо иалагеит ашықәсқәа анца ашьҭахь, имоҭа аԥыза министрс дҟарҵеит.

Аԥсуаа рнышәынҭра ҭыԥқәа патула ирызнеит. Аҭыԥ дмырӡӡеит. 60 нышәынҭра рҟынӡа рдыруеит иԥсқәоу. Егьырҭ рыхьӡи рыжәлақәеи еилкааӡам рҳәоит аиҳабацәа. Шықәсы ҩажәа раԥхьа ара иҟан Гәажәба Мирод, Фениа Аҩӡԥҳа, Рушьбеи Смыр, саргьы срыцын", – еиҭеиҳәон Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Феридун Аҟәысба.

Лаҵара 21 – ахырҵәара иақәдыршәаз ҳауаажәлар ргәалашәара иамшны иԥхьаӡоуп. Ҭырқәтәыла Амшын Еиқәа иӡхыҵыз аԥсуаа аӡәырҩы рыԥсҭазаара иалҵит, иаанхазгьы анаҩстәи рлахьынҵеиқәаҵәа атәымџьара изқәынҵәаз аҭыԥқәа ирҿахәханы иаанхоит.

Аԥслымӡ ҟәара иқәнагалаз аԥсуаа, Бабалы ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны ирыԥшааз аҳаԥы рҽыҵаркит. Аҳаԥы аҭӡамцқәа абырзен, алатын, араб ҩырақәа рыла иҵәаӷәоуп. Издыруада, урҭ анызҵақәоз зусҭцәоу, насгьы ирну? Дара рыԥсы ҭаны иаанхамашь, иаанхаз ирԥеиԥшхазеи. Арҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҵаӡамкәа иаанхоит…

© Фото : Денис ЧачхалиаҬырқәтәыла, маи 21 рзы агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысра
Ҭырқәтәыла, маи 21 рзы агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысра - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла, маи 21 рзы агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысра
Ажәабжьқәа зегьы
0