Алиас Нанба: арепатриантцәа аусура аиуразы апроблема рымам

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание ГК по репатриации. г.Сухум.
Здание ГК по репатриации. г.Сухум. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистрра асоциал-бзазаратә ҟәша аиҳабы Алиас Нанба Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит аусбарҭа арепатриантцәа аусураҭа ҭыԥқәа рыԥшаараҿы ацхыраара шырнаҭо.

АҞӘА, абҵара 5– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арепатриантцәа аусура аиуразы апроблема рымам иҳәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистрра асоциал-бзазаратә ҟәша аиҳабы Алиас Нанба Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

"Аусура зҭаху зегьы ҳара иҳадҵаалоит, нас ҳара дасу инаало аус аԥшаара ҳалагоит. 2018 шықәса рыҩныҵҟа мацара 15-ҩык аусурҭа ҭыԥқәа зҭаху ҳадҵаалахьеит" — иҳәеит иара.

Эркан Кутарба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Қәҭарба: агәаран иқәгылоу ҳџьынџьуаа нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәара ҳҽазаҳшәоит

Алиас Нанба иажәақәа рыла аминистррахь идҵаало рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҵахоит избанзар дара шамахамзар аусурҭа ҭыԥқәа рзыԥшаауп.

"Арепатриантцәа ироуа аусурҭақәа аиҳарак аргыларақәа, афабрикақәа, ахәаахәҭра иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿоуп", — иҳәеит иара.

Алиас Нанба иҳәеит аусура зҭаху ауаа шрыдҵаалалак уи знапы иану иаразнакы уи ишашьҭало ҳәа.

"Ҳара дҳамоуп ҷыдала аусзуҩ, аусурҭа ҭыԥқәа рыԥшаара иазку. Уи адагьы дара арепатриантцәагьы еицхыраауеит. Убас ргыларатә фирмак аҿы аус руеит 15-ҩык арепатриантцәа", — иҳәеит Нанба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз рзы аҩынқәа рыргыларагьы ишалархә дара арепатриантцәа рхаҭақәа.

Алиас Нанба иазгәеиҭеит арепатриантцәа аџьа бзиа ишырбо, иарбанызаалак аусура мап шацәырымкуа. Уи адагьы иара иҳәеит анхарҭаҭыԥқәа змауц арепатриантцәа рзы аминистрра дара рзы анхарҭақәа арендла ишаго.

"Ҳара макьана зегьы рызхара аҩнқәеи ауадақәеи ҳамам. Убри азы аамҭала ауадақәа ирыҩнаҳҵоит. Ахәԥсагьы ҳара ҳауп изшәо", — иҳәеит иара.

Иахьазы аминистрра 35-ҩык рҟынӡа арепатриантцәа рзы арендла ауадақәа аанкыланы иамоуп ҳәа иҳәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистрра асоциал-бзазаратә ҟәша аиҳабы Алиас Нанба.

Ажәабжьқәа зегьы
0