Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Аԥсны аҭоурых змырӡуа": Сельчук Сымсым иҟазаратә нысымҩеи иабшьҭра аҭоурыхи

© Foto / предоставила Сельчук Сымсым Сельчук Сымсым
Сельчук Сымсым  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Анапаҵаҩра
Сельчук Сымсым даныхәыҷыз инаркны Аԥсны иадҳәалаз аҭоурыхқәа дрызҿлымҳан. Аиҳабацәа анеицәажәоз дтәаны дырзыӡырҩуан. Сельчук ауниверситет даналага, уи инарҵауланы аҭҵаара иҽазикит, иагьиқәманшәалахеит. Ҳџьынџьуаҩ иҟазаратә нысымҩа атәы Саида Жьиԥҳа анаҩстәи ланҵамҭаҿы.

Сельчук Ешьреф-иԥа Сымсым иахьа дравторуп "Аԥсуаа рполитика аҭоурых 1770-1993 шш.", "Даҽа ԥсадгьылк ҳамаӡам. Аԥсуаа рхақәиҭратә еибашьра 1992-1993 шш." захьӡу ашәҟәқәа. Урҭ инрываргыланы аҭыжьра азырхиара даҿуп даҽа хԥа. 

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Сельчук Ешьреф-иԥа Сымсым диит Голандиа. Аҷкәын 12 шықәса анихыҵуаз иҭаацәа Ҭырқәтәылаҟа ихынҳәит, асаӡ қыҭа Ақбалық анхара иалагеит. Сельчук даныхәыҷыз, аиҳабацәа еидтәаланы Аԥсны иазкыз ажәабжьқәа анеибырҳәоз ихшыҩ азышьҭны дырзыӡырҩуан. Ашкол даналга, Сақариатәи ауниверситет аҭоурыхтә факультет дҭалоит. Уи ашьҭахь аамҭакы ашкол аҿы аус уны абизнес амҩаԥгара иҽазикуеит. Убри инаваргыланы, Аԥсны аӡбахә зҳәоз аҭоурыхтә нҵамҭақәа реизгара иҽазишәоит. Бжьышықәса ирылагӡаны Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуа быргцәа дрыҿцәажәаны ианиҵаз рацәоуп. Османтәи аимпериа архив аҿы дцаны еиликааз ыҟоуп, анаҩс аматериалқәа реизгара иациҵеит Аԥсны, Ҟарачы-Черқьесиа, Москва. Арҭ анҵамҭақәа ихы иархәаны 2016 шықәсазы иҭижьит раԥхьатәи ишәҟәы "Аԥсуаа рполитика аҭоурых 1770-1993 шш." захьӡу.

© Foto / предоставила Сельчук Сымсым Сельчук Сымсым Аҟәа ишәҟәы аӡыргараан
Аԥсны аҭоурых змырӡуа: Сельчук Сымсым иҟазаратә нысымҩеи иабшьҭра аҭоурыхи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Сельчук Сымсым Аҟәа ишәҟәы аӡыргараан

"Аԥсны иазкны аиҳабацәа рҟнытә исаҳауаз аҭоурыхи сыла иабози еиқәшәо ианаламга, еилыскааит аҳәынҭқарра дуқәеи амилаҭ рацәеи ҳрылаӡуа ҳшалагаз. Ҳанҵәара ааима ҳәа ахәыцра соуит. Убри аҟнытә сҽазысшәеит иахьсылшоз зехьынџьара сыԥсадгьыл иадҳәалаз анҵамҭақәа реидкылара. Ари ашәҟәы ахьӡ ишаҳәо еиԥш, 1770-1993 шықәсанӡа аԥсуаа имҩаԥыргоз аполитика аныԥшуеит. Аус адызулон бжьышықәса. Ашәҟәы акьыԥхь анаба, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа аӡәырҩы рнапаҿы инеит, аӡыргарагьы ара адагьы еиҿкаан Аԥсны", - иҳәоит Сельчук Сымсым.

2019 шықәсазы иҭыҵит "Даҽа ԥсадгьылк ҳамаӡам. Аԥсуаа рхақәиҭратә еибашьра 1992-1993 шш." захьӡу аусумҭа.

© Foto / предоставила Сельчук Сымсым Сельчук Сымсым ишәҟәы "Даҽа ԥсадгьылк ҳамаӡам. Аԥсуаа рхақәиҭратә еибашьра 1992-1993 шш."
Аԥсны аҭоурых змырӡуа: Сельчук Сымсым иҟазаратә нысымҩеи иабшьҭра аҭоурыхи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Сельчук Сымсым ишәҟәы "Даҽа ԥсадгьылк ҳамаӡам. Аԥсуаа рхақәиҭратә еибашьра 1992-1993 шш."

"Ари ашәҟәы азы хышықәса аматериалқәа еизызгон. Аԥсны сцаны 300-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа срыҿцәажәеит. Ргәаанагарақәеи ргәалашәарақәеи срызҵааит Ҭырқәтәылантәи зџьынџьдгьыл ахьчаразы ицаз сыуаажәларгьы. Схы иасырхәеит аҳәаанырцә иҭыҵуаз ҳаибашьра атәы зҳәоз агазеҭқәеи ажурналқәеи уҳәа", - иажәа иациҵоит Сельчук.

© Foto / предоставила Сельчук Сымсым Сельчук Сымсым Ҭырқәтәыла ишәҟәы аӡыргараан
Аԥсны аҭоурых змырӡуа: Сельчук Сымсым иҟазаратә нысымҩеи иабшьҭра аҭоурыхи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Сельчук Сымсым Ҭырқәтәыла ишәҟәы аӡыргараан

Автор аҩбатәи ишәҟәы аԥсшәахь еиҭеигеит Оқтаи Ҷкотуа, редакторс дамоуп Арда Ашәба. Уи иаарласны акьыԥхь абараны иҟоуп Аԥсны, Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ацхыраарала.

Сельчук Сымсым бжьышықәса рыла Османтәи аимпериа архиви, Англиеи, Германиеи, Франциеи, Италиеи, Бырзентәылеи, Ирани, Ермантәылеи, Қырҭтәылеи, Монголиеи, уҳәа рҟны ииԥшааз Аԥсны аҭоурых зырҵабыргуа аматериалқәа еидкыланы имоуп. 2022 шықәсазы аԥсуа иҭоурых зырҩашьо ақырҭцәа уи ала аҿагылара рызҭо хаз шәҟәны аҭыжьра игәы иҭоуп.

© Foto / предоставила Сельчук Сымсым Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Станислав Лакобеи Сельчук Сымсыми
Аԥсны аҭоурых змырӡуа: Сельчук Сымсым иҟазаратә нысымҩеи иабшьҭра аҭоурыхи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Станислав Лакобеи Сельчук Сымсыми

Сельчук Сымсым аԥшьбатәи ишәҟәы рызкхоит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза қыҭақәеи уаҟа инхо ҳауаажәлар рыжәлақәеи.

"Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза қыҭақәа ҭҵааны, рхыԥхьаӡареи рҭоурыхи, амҳаџьырра ашьҭахь уаҟа инхоз ҳауаажәлар рхаҭаранкцәа рыжәлақәеи реидкылара сашьҭоуп. Рыцҳарас иҟалаз, Ҭырқәтәыла аԥсуа-абаза қыҭақәа маҷхо иалагеит, иқәӡӡаз ажәлақәа рацәахеит", - инаҵишьит иара.

Автор ахәбатәи иусумҭа азкхоит аԥсуа етнографиа.

Сельчук Сымсым атәым дгьыл аҟны дынхоит, аха Аԥсны аҭоурых аихаҳара даҿуп. Иара иџьабаа хәы змаӡам материалны архив иазынхоит.

© Foto / предоставила Сельчук Сымсым Сельчук Сымсыми, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Ҭеимураз Ачыгәбеи, Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа Алина Ачԥҳаи Альбина Анқәабԥҳаи
Аԥсны аҭоурых змырӡуа: Сельчук Сымсым иҟазаратә нысымҩеи иабшьҭра аҭоурыхи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Сельчук Сымсыми, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Ҭеимураз Ачыгәбеи, Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа Алина Ачԥҳаи Альбина Анқәабԥҳаи

Сельчук иҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгыло иҳәеит, амҳаџьырра аамҭақәа раан, Аԥсны, Калдахәара ақыҭантә 12 шықәса зхыҵуаз иабду иаб Адамыр иҭынхацәеи ижәлантәқәеи дрыцны дшааз. Ахҵәацәа аԥхьанатә Ҭырқәтәыла, Карадере ҳәа иахьашьҭоу иӡхыҵит, анаҩс аԥсуаа Цхьынара ҳәа зыхьӡырҵаз ақыҭахь иааит урҭ ирхылҵыз.

"12 шықәса зхыҵуаз, аныда абыда атәым дгьыл ахь иқәнагалаз сабду иаб Адамыр даазгаз иаб иашьцәа драаӡеит. Иқәра анааи, Хагәышьԥҳак динасыԥхеит. Ҩыџьа аҷкәынцәа рхылҵит. Рԥацәа ианрызҳа, Карадере иқәҵны Цхьынараҟа иааит. Сара сабдуцәа жәа-абиԥарак рыхьӡқәа еилкааны исымоуп. Саб ихьӡын Ешьреф, сабду Рыфаҭ, уи иаб Адамыр. Анаҩс дцоит Лац, Чагәыҭ, Мамсыр, Муса, Гыд, Баӷыр, Қач, Озбақь. Уи инахыс аилкаа сымам, аха иҭысҵааз зегьы ақьаад ианысҵеит", - иажәа иациҵоит ҳџьынџьуаҩ.

© Foto / предоставила Сельчук Сымсым Сельчук Сымсым ишәҟәы "Аԥсуаа рполитика аҭоурых 1770-1993 шш."
Аԥсны аҭоурых змырӡуа: Сельчук Сымсым иҟазаратә нысымҩеи иабшьҭра аҭоурыхи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Сельчук Сымсым ишәҟәы "Аԥсуаа рполитика аҭоурых 1770-1993 шш."

Сельчук 2002 шықәсазоуп раԥхьаӡакәны иԥсадгьыл ишьапы анықәиргыла. Уи нахыс есышықәса дмаакәа иҟамлацт. Раԥхьатәи ашықәс азы иара драбадырит иашьцәа-ижәлантәқәа Аслани Ҭемыри Сымсымаа, Џьони Виталии Смыр. Агәахәара ду инаҭеит ашәҟәыҩҩы Рушьбеи Смыр идырра.

© Foto / предоставила Сельчук Сымсым Сельчук Сымсым Аԥсны иашьцәа Сымсымааи Смырааи данырԥылоз. Афото аҿы - Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр, Аԥсны Афырхаҵа Раули Смыр, уҳәа егьырҭ аижәлантәқәа.
Аԥсны аҭоурых змырӡуа: Сельчук Сымсым иҟазаратә нысымҩеи иабшьҭра аҭоурыхи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Сельчук Сымсым Аԥсны иашьцәа Сымсымааи Смырааи данырԥылоз. Афото аҿы - Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр, Аԥсны Афырхаҵа Раули Смыр, уҳәа егьырҭ аижәлантәқәа.

"Раԥхьаӡа Аԥсныҟа саннеи, иаразнак иснырит уи сыԥсадгьыл шакәыз. Сашьцәа сыргеит аамҭала сабдуцәа ахьынхоз Калдахәараҟа. "Абраакәын рҭыԥ, уажәшьҭарнахыс уара иутәуп", - ҳәа сарҳәеит. Уи даараӡа сгәы арԥшааит. Анкьа зны сеиҳабацәа рышьҭа сшьапы ахьықәсыргылаз рыԥхарра снырызшәа сҟалеит", - ҳәа азгәеиҭоит Сельчук.

Сельчук Ешьреф-иԥа Сымсым арҭ хә-шәҟәык рҟны даангыларц игәы иҭам. Ирҿиаратә мҩа иацҵауа ижәлар адунеи аҟны иӡыригалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0