Акәырбан – аҿаҭахьа шрықәырҵои, уи анагӡашьеи ирызку зҵаарақәак

© Foto / Есма Тодуа"Аҧшьаҭыҧ" аныҳәаҩ хада Борис Қәҭелиа
Аҧшьаҭыҧ аныҳәаҩ хада Борис Қәҭелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акәырбан - ишҧарықәырҵои, ишҧарықәырхуеи, аамҭа абжьалар ҟалома, ианаамҭаз иузыҟамҵазар иҟаҵатәуи уҳәа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит "Аҧшьаҭыҧ" аныҳәаҩ хада Борис Қәҭелиа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҧсуаа лассы-лассы рхы иадырхәоит ажәа "акәырбан". Аиҳарак аҳәса ахәыҷы изы ирҳәалоит "сукәырбануп", "сукәырбанхааит", "скәырбан хәыҷ". Ари аҧсылманра иаанагаз ажәоуп, араб бызшәаҟны "курбан" - ахаҵа хьӡы "аҧсаҭаҩ" ҳәа ҵакыс измоу ауп (ажәарқәа рҟны ишарбоу ала). Аҧсуаагьы ари ажәа рхы ианадырхәо ҵакыс иаҵарҵо, "сукәырбанхааит" - "сара сыҧсы уара иуҧсҿыхганы иҟалааит" - аиҭныҧсахлара аҵакы ауп.

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак

Аҧсуаа ҳҟны аҿиара амоуп убас еиҧш атрадициа ауаҩы еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа рҟны: игәы ҽеимзар, дычмазаҩхазар, ма амашәыр дақәшәазар уҳәа аӡәы даҽаӡә изы (ихшаз, ма изааигәаӡоу аӡәы) акәырбан иқәиҵоит. Иахьа ирацәаҩуп изызцәырҵуа азҵаара ишҧаҟарҵои акәырбан ҳәа: ишҧарықәырҵои, ишҧарықәырхуеи, аамҭа абжьалар ҟалома, ианаамҭаз иузыҟамҵазар иҟаҵатәуи уҳәа. Ҳара арҭ азҵаарақәа ҳаманы ҳизнеит "Аҧшьаҭыҧ" аныҳәаҩ хада Борис Қәҭелиа. Аныҳәаҩ иахь ҳаннеи иҭыҧаҿы аҧхьарца арҳәо дтәан. Ари жәлар ринструмент иахылҵуаз абжьы даҽа дунеик уагәыланахалон…

Нас аицәажәара ҳналагеит. Иазгәаҭатәуп, Борис Қәҭелиа ажәа "акәырбан" ихы иаирхәаӡом: "Ари аҧсышәаӡам, аҧсшәаҟны иҳамоуп "аҿаҭахьа", - ҳәа. – "Уҿы иҭухыз аҳәахьа аҭара", "Анцәа ажәа иҭара" ауп иаанаго иҳәоит иара.

Аныҳәаҩ ишҳаилиркааз алагьы аҿаҭахьа иҟоуп ҩ-хкыкны: наунагӡатәи, аамҭалатәи.

"Наунагӡатәи аҿаҭахьа захьӡу убриоуп: ҳабдуцәа рабдуцәа, урҭ рабацәа, зықь шықәса, заҟа ахыҵуа ҳаздырӡом уи, "ҳаҧсы ҭанаҵы ҳажәлантә агәыи агәаҵәеи шуҳарбало шеишықәса" ҳәа ажәа иҳәахьеит, ажәа шьҭоуп. Ажәа аҧсы ҭоуп, инаугӡалароуп. Абри иахьӡуп наунагӡатәи аҿаҭахьа", - ҳәа ҳзеиҭаиҳәеит Борис Қәҭелиа.

Арахәааӡаҩцәа шьхацан. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ашьакаҭәара аҵакы аԥсуа традицаҟны, мамзаргьы шьала иҿыхыу

Наунагӡатәи аҿаҭахьа ҳәа иҟоу ахь иаҵанакуеит еиуеиҧшым аныҳәагатәқәа: Аныхахә-ҳаҧшьа, ажьырныҳәа-аҳаҧшьа, ахьира-аҳаҧшьа, Анаҧра-нага уҳәа. Наунагӡатәи аҿаҭахьа ахь иаҵаукыр ауеит иара убас, аҧхын аамҭазы "аамҭа алҧха ҳамазааит" ҳәа "акәырбан" ҳәа ахьӡҵаны есышықәса аҳәса имҩаҧырго аныҳәа (кәырбанс араҟа ирықәу акәакәарқәа роуп).

Иуҳәар ҟалоит наунагӡатәи аҿаҭахьа аӡәы ихала иакәымкәа, жәлантәык, цуҭак еицрықәу, еицынарыгӡо (досу имарҭхә алаҵаны) ҿаҭахьоуп ҳәа. Егьи, аамҭалатәи аҿаҭахьа, дарбанзаалак ауаҩы иқәҵара азин имоуп. Ари аамҭалатәи аҿаҭахьагьы ақәҵашьа ҩ-хкыкны ишоит.

"Аамҭалатәи аҿаҭахьа ихнырҳәны, ҽыҭк ацәа, ацаха шкәакәа иагәылаҳәаны, аҧара агәылаҵаны, ихнырҳәны икнарҳауеит. Уи иахьӡуп ахнырҳәтәы. Абас икназҳауагь дыҟоуп, ус ажәала изҳәо дыҟоуп. Ари иамоуп иара аамҭалатәи аҿҳәара. Убри ауп аамҭалатәи аҿаҭахьа", - иҳәеит аныҳәаҩ.

Абас еиуеиҧшымкәа аҿаҭахьа иқәиҵар ҟалоит ауаҩы. Уи иқәиҵар ауеит џьара гәаҟрак иақәшәаз ауаҩы иҧсы алаҿихырц азын еиҧш, иара убас иӷәӷәаӡаны акы деигәырӷьазаргьы, уи игәырӷьара "ҭабуп" ахҳәаауа инагӡахарц азы.

Ихадароуп араҟа аҿаҭахьа (акәырбан) зқәызҵо ауаҩы иқәиҵо, ииҳәо ажәа. Уи ҟалоит ишьтәазар – ақыжә (шықәсык зхыҵуа), аџьма-шьтәа, ауаса. Ашьтәа хәыц еиқәаҵәа злам, гра змам акәзароуп. Мамзаргьы арбаӷь шкәакәа. Иара убас ишәара (иоура) ацәашьы, акәакәар (аҿаҭахьаҟны акәакәар ҟарҵоит 7, 11, 21 – дара ианужәуа акы аҿы аатны-егьины акәымкәа, узыхныҳәо еибганы иҟоу акәзароуп, уи аҟынтә ианыржәуа иацҵаны иҟарҵар ҟалоит, аха аныҳәарахь инарго ирҳәаз ахыҧхьаӡароуп). Ажәакала досу Анцәа даниҳәо ажәа ииҭо закәу еиҧш.

"Аҿаҭахьа ауаҩы изиықәиҵо, аӡәы игәы бзиам (иара, ма лара), иҿыи инапыи ӡәӡәаны даагылоит: "Анцәа ду, суҳәоит, абри игәы бзиа, ихы бзиа дысурбозар, агәыи агәаҵәеи шусырбо" ҳәа. Иаҳҳәап, даҽа ганкгьы ыҟоуп, аҵарахьы,аррахь, ма хара џьара дцозар, убригь убыс ирықәырҵоит "абри дманшәалан даналго" ҳәа, - иажәа иациҵоит "Аҧшьаҭыҧ" аныҳәаҩ хада.

Иалкаатәуп, аныҳәаҩ ишазгәаиҭо ала, ауаҩ иҟаиҵаз аҿаҭахьа аҿҳәара амазар (иаҳҳәап: арра иҟоу – 2-3 шықәса, аҵара – 5-7 шықәса), убри аҿҳәара шаанҵәаз иахымгакәа инаигӡароуп. Аҿҳәара змамкәа иҳәоу акәзар, мызкы ахышәара-аҵышәарала, уаҳа аамҭа мгакәа инагӡатәуп. Иара убригьы "сара исықәысҵеит – сара исықәысхуеит" ҳәа ухала иҟауҵар ҟалаӡом ҳәа ауп ишиҳәо Борис Қәҭелиа, уи аныҳәаҩ иурҟаҵароуп иҳәоит.

Асаби - Sputnik Аҧсны
Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

"Уанныҳәо ажьраҳара аҵәы уарӷьа напы иакызароуп, уарма напы – ацәашьы. Аҵәы х-цык амоуп: арма – агәы ахауҵоит, арӷьа – агәаҵәа, агәҭатәи – акәакәар. Уара ухаҭа уҧсы цқьаны, уҿыхны уҟазароуп уныҳәарц азы. Абас ианику ауп амчра аныҟоу", - иҳәоит аныҳәаҩ.

Аныҳәаҩ амрагыларахь ихы рханы, дзықәныҳәогьы дыниваргыланы, ма ишьамхы арсны хынтә ацәашьы ихигоит, дныҳәан даналгалакгьы арыӷьарахьала хынтә диргьежьуеит (аныҳәара иалахәугьы убас игьажьуеит).

Имаҷҩымкәа убас ирыхьлоит аҿаҭахьа зқәызҵаз аамҭа анырцәеиҵыхцәахо. Ас еиҧш ахгара бзиаӡам, иуҧырхагахар ҟалоит азы зегь ианаамҭоу иҟауҵалароуп. Ажәа аҧсы ҭоуп. Иуҳәаз ажәа хнырҳәышьа шамам еиҧш, уҳәахьа наугӡароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0