Аҳаԥшьа – аныҳәагатә иадыргало "инымҵәаӡо аҩы"

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳаҧшьа
Аҳаҧшьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳаԥшьа иҧшьоу, зымч дуу аҵакы аманы иубоит. Ҳаамҭазгьы иара ахархәара шыҭбаац иаанхоит уҳәар ҟалоит. Иарбанзаалак аныҳәара амчрагьы аԥшьарагьы харҭәаахоит иара изыхныҳәо ҳәа иадыргало аҳаԥшьа-ҩы ала.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҳаԥшьа – аҧсуа итрадициатә культураҿы иалкаау аҭыԥ змоу бзазаратә маҭәахәуп. Аԥсуаа жәытәнатә аахыс хыԥхьаӡарала ирацәаны аҳаԥшьақәа рзыҵан. Иахьагьы шамахамзар акы, ҩба ракәзаргьы аҳаԥшьақәа ззыҵоу анхацәа маҷҩым. Дара ажәытә ҳаԥшьақәа иахьа хархәара зрымҭо ыҟазаргьы, иԥҽхьо, иԥхасҭахахьо акәзаргьы, икамыжькәа, иааныжьны, хазы идыргылоит.

Ашьакаҭәара аҵакы аԥсуа традицаҟны, мамзаргьы шьала иҿыхыу

Аҳаԥшьа ахылаԥшра ҷыда амазароуп. Уи ицқьаны иныҟәыргоит. Аҩы цқьа ҭаҭәаны иҟарҵоит. Аҳаԥшьақәа лымкаала ныҳәагатәык иазкны ирымоуп. Аныҳәагатәқәа еиуеиԥшым аҟынтәи аҳаԥшьақәагьы хаз-хазуп. Иалкаау аныҳәагатә иара иазку аҳаԥшьа ыҟоуп. Иара ааигәа шамаха аҳәса нарышьҭӡом. Уи иадгыло ахацәа роуп.

Аҳаԥшьа аҩны азааигәара, адгьыл ҭыжааны, аҩы цқьа ҭаҭәаны иҵарҵоит. Аҵарауаҩ Римма Ҳашба ажәа "аҳаԥшьа" аетимологиа азуа иазгәалҭоит иара ажәа ашьагәыҭ аҟны "иԥшьоу" акы аҵакы аанарԥшуеит ҳәа. "Ҳа" - "ахаҳә" (анышәаԥшь) аанагоит, "ԥшь" - "аҟаԥшь" (аԥшшәы аанарԥшуеит) – еидкыланы иаҳҳәозар, "иҟаԥшьу ахаҳә (анышәаԥшь)" ауп иаанаго ҳәа лыҩуеит аҵарауаҩ. Аха араҟа иаҳа ииашахоит ҳәа азгәалҭоит егьи аҵакы: "ԥшьа" - "иԥшьоу". Убас еиҧш аполисемантикатә ҵакы аманы иҟоуп ашьаҭа "ҳа". Уи даҽа ҵакык ала уахәаԥшуазар, "аҳ", "аду" (Анцәа), мамзаргьы "ахылҵшьҭра" (предок) аанагоит.

Аинформантцәа ишазгәарҭо ала, алаҳа абӷьала ихырҩон аҳаҧшьа. "Аҩы ҭеиҭәон, алаҳабӷьы хеиҩон, нас хыхь ас игьежьӡа иҟаз ак лахаҵаны ачуан иҵеиҳәон. Абас асалафан ахы иҭарҧаны, ҧсыҧк ҭамларазы ицқьаны. Уи ицқьаны иныҟәугозароуп. Уцәымзақәа аркны унеироуп, уахныҳәароуп. Абри уҭаҧшыр, аҧҳәыс лзыҳәан аҳаҧшьа уахҟьар, еснагь уеимҳәалоит ҳәа аҭаца уахь ааигәагьы днеиӡомызт" (НААР архив аҟнытә, апаспорт ацӡам).

Пасхальный кулич - Sputnik Аҧсны
Аҿиара, аизҳара иатәуп: аԥсуаа имҩаԥырго Амшаԥы аҷыдарақәеи атрадициақәеи

Аҧсуа мифологиаҟны иаҳҧылоит убас еиҧш аҳәамҭақәа нҵәара зқәым, еснагь ҩыла иҭәу аҳаҧшьа иазку. Урҭ асиужетқәа ишаҳдырбо ала, аҩы ҭызго аҧшәма дыҟамкәа аҩнаҭахьы асас даннеи, аҧшәмаҧҳәыс аҳаҧшьа аҩы ахьҭылгаз аҟынтәи еснагь иҭәыз аҳаҧшьа уинахыс аҩы иҭаз аанҵәеит. Мамзаргьы даҽа вариантқәак рыла: асас иџьашьаны "уара абри уҳаҧшьа иахыухцыҧхьаӡа иагхаӡом аҩы, изакәызеи ари нҵәара ақәымкәа" ҳәа данҵаалак, аҩы ҭабоит. Даҽакала иуҳәозар, зыҟаҵара ҟамлоз аилагара иахҟьаны абеиара, амарымажарагьы цоит.

Аҧсуа жәлар репос аҟынгьы иаарҧшуп аҳаҧшьа иазку адыррақәа. Нарҭаа ашәҩык ирзеилаз аҳаҧшьа Ҩаӡамакьаҭ ахьӡын. Уи знык азна андырҭәлак акыр шықәсқәа ирызхон, избанзар заҟа ҭыртоз аҟара аҩы ҭалон. Аишьцәа аиҿыҵра ианалага, абри аҳаҧшьа рзеимакырахеит. Хаала ианзеилымга, Сасрыҟәа дгәаан, шьацәқәыҧла дласын, иҵижәеит. Аҳаҧшьа аҵа ажьжәла иҭаҧсаз ақыҭақәа иахьрылаҧсаз аҟынтәи ауп Аҧсны ажьжәла зхылҵызгьы ҳәа еиҭарҳәоит.

Аԥҳалқәа, аҟәџьалқәа, аҳаԥшьақәа ажәытәла рыҟаҵашьа

Аҳаҧшьа аныхдыртуа ихадароу аныҳәарақәа иреиуоуп ажьырныҳәа, амшаҧы. Иара убас аҳаҧшьа-ҩы ала иныҳәоит еиуеиҧшым егьырҭ аныҳәарақәа раангьы. Ашәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба ианҵамҭақәа рҟны иаагоуп ахәыҷы аҳаҧшьа дахаргыланы иныҳәара Ҧақәашь ақыҭа инхоз 102 шықәса зхыҵуаз, Бардыӷә Ҭаниа иҟынтәи, 1948 шықәсазы ианҵаз:

"Ахәыҷы аҳаҧшьа длахаргыланы, агәыи агәаҵәеи аҵәы илахаҵаны, саарак азна акәац алҩаҵә ахҟьа илаимҵаргыланы, абас аныҳәара далагон ажәытә:

Ақәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара - Sputnik Аҧсны
Ақәаб акныхра – ажьрацәара рныҳәара

Уа, Анцәа ҳазшаз, абас суҳәоит:

Абри зшаз аашак уцишааит,

Уаашак ааилаҳәарак рхоуҵааит,

Уааилаҳәар, аа-ҳҭныҳәсак адургылааит.

Уаа-ҳҭныҳәсак аа-ҳҭырҧарк рыдургылааит,

Абахә цәгьа уаҿахан – уаҿызгеит,

Убри мап зҳәара, иан лырбаӷь заҵә

Икьыкьуа иқьамҭажә иқәхааит,

Ибарҵа цәаҟәа тәарҭахааит" ("Ахьырҵәаҵәа", 1990).

Аӡы иҭоу, мамзаргьы ацәҵыхәа аӡы аныҭнаго

Абас еиҧш ала, аҳаҧшьа иҧшьоу, зымч дуу аҵакы аманы иубоит. Ҳаамҭазгьы иара ахархәара шыҭбаац иаанхоит уҳәар ҟалоит. Иарбанзаалак аныҳәара амчрагьы аҧшьарагьы харҭәаахоит иара изыхныҳәо ҳәа иадыргало аҳаҧшьа-ҩы ала. Иара хымҧада аныҟәгашьеи аҵәахышьеи иаадырҧшуеит аҧшьара анаҩс, апрактикатә ҵакгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0