"Афы усааит": адыд-амацәыс заахаз рныҳәара

© Sputnik / Илона Хварцкияадыд-амацәыс
адыд-амацәыс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхын адыд-мацәыс иаҳа лассы-ласс иҟалалоит. Аԥсуа жәлар разхаҵарақәа рыла иарбанызаалак адыд заахаз Анцәа иитәу, иԥшьоу акы акәны иахәаԥшуан. Адыд-мацәыс заахаз ауаҩы иҿыхрагьы иныҳәашьагьы рҷыдарақәа Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҟны.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Раԥхьатәи адыдра

Аԥхынра анааиуа аҵырҵыр имацәысуа, агәыргәыр идыдуа аҽунардыруеит рҳәоит. Аӡынреи аԥхынреи анеилыҵуагьы злардыруа раԥхьатәи адыдралоуп (март мза анҵәамҭеи апрель алагамҭеи рзы). Ус ианыдыдлак, анхацәа рхыбрақәа ирысуан, рцақәа ирысуан, уажәы рџьыбақәа ирысуа иалагеит – абарақьаҭра аанагааит ҳәа. Ианыдыдлак нахыс адгьылгьы даҽа ҳауак шьҭнахуеит рҳәоит.

Ачаҳаржәқәеи, ацхеи, ахырҵәи - Sputnik Аҧсны
Аԥхын алԥха, мамзаргьы акәырбан

Аԥхын адыд-мацәыс иаҳа лассы-ласс иҟалалоит. Аԥсуа жәлар разхаҵарақәа рыла иарбанызаалак адыд заахаз Анцәа иитәу, иԥшьоу акы акәны иахәаԥшуан. Иаҳҳап, аҩны адыд-мацәыс аахан амца акызар, ааигәа унеир, иурцәар ҟаломызт, уимоу уинахысгьы уи аҩнаҿы анхара ҳәа иаангыломызт. Иаҳа лассы-ласс адыд-мацәыс заахо аҵлақәа роуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аиҳарак амацәыс заахо ҳәа иԥҳьаӡоу аџь ҵла ауп. Амацәыс заахаз аҵла мҿысгьы рхы иадырхәомызт, ҵасым ҳәа. Ас еиԥш иҟоу азхаҵарақәа рымоуп Кавказ ажәларқәа аӡәырҩы.

Амифологиатә ҳәамҭақәа ишырҳәо ала, аҩсҭаа Анцәа (Афы) идыд-мацәыс дацәыбналаны данцо аҵлақәа рымҵаҟны ауп иҽахьиӡо, убри аҟнытә ауп амацәыс аҵла изааирхогьы Анцәа.

Аха иҟоуп ҵлак амацәыс змаахо – уи ахьаца ауп. Ирҳәоит ианымацәысуа уи аҵла уаҵагылар, уахьчоит ҳәа, мамзаргьы иара амаҵә хәыҷ уџьыба иҭазар. Иҟан ахҭысқәа ауаҩы адыд дагеит, дашьит ҳәа анырҳәоз. Адыд-мацәыс заахаз ауаҩы иҿыхрагьы иныҳәашьагьы ахатә ҷыдарақәа аман.

Адыд-мацәыс заахаз рныҳәара

Аԥсуаа разхаҵарақәа рҟны ишыԥхьаӡоу ала адыди амацәыси дрымоуп анцәахәы – уи Афы иоуп. Аԥхын аарҩраан ақәа аурц азы имҩаԥырго аныҳәара - ацуныҳәара ззынархогьы - Афы иоуп. Раԥхьаӡакәны ари анцәахәы изкны анҵамҭақәа ҟаиҵеит Соломон Ажәанба. Уи инарҭбааны дазааҭгылеит арахә, мамзаргьы ауаҩы амацәыс иашьыз иҿыхшьеи убри аан ирҳәо ашәеи.

Аӡатә - Sputnik Аҧсны
Анана-шацәа-чаԥацәа рӡатә: аԥҳәызба аҭаацәара ҿыц даналалак илзынарышьҭуа

Ажәанба ишиҩуала, ашәымкьаҭ ргыланы иҟарҵон. Уи убас еиԥш иҳаракны иҟарҵон лоума, бгоума акы зықәымлартә еиԥш. Аҭыԥ аҿы иҟаз ауаа рнапқәа еибаркны ашәа ҳәо, амацәыс заахаз (ауаҩы, мамзаргьы арахә) шьҭыхны, уа иқәырҵон. Ари ашәа "Афрашәа", мамзаргьы "Анцәарашәа" ҳәа ахьӡуп. Амацәыс иаркьаҭаз арахә акәзар, уи зтәыз даҽакгьы ишьуан анцәахә ихьӡала аԥхьаҟа рахәылоума, уааԥсыралоума уи аҩыза дақәымшәаратәы диҳәо.

Амацәыс заахаз ауаҩы иакәзар иаркьаҭаз, иҵәыуар ҟаломызт, уи ицәеи ибаҩи еилыҵаанӡа уа даанрыжьуан, дылбааргомызт. Нас ишнеишнеиуаз ашәымкьаҭгьы аҟаҵара иаҟәыҵит, "Афрашәа" ("Анцәарашәа") зҳәоз дааганы ишәаҳәо, икәашо, имҵәыуаӡакәа ауаҩы дышьҭыхны даарго иалагеит. Ус акәымкәа, ауаҩы деибганы дынхазар, ашьтәа шкәакәа шьны "аҭларчоԥа" ҳәо дышьҭырхуан, ақьабз иалахәызгьы шкәакәа маҭәала еилаҳәазар акәын, ҳәа иҩуеит Григори Чурсин Аҷандара ақыҭа ианиҵаз анҵамҭа ҿырԥштәыс иааганы.

Аҵхи амши реиҟарара – амра агылара иазку аныҳәа

Афольклорист Артур Аншба иҭҵааратә усумҭаҟны ари азҵаара дазааҭгыло иазгәаиҭоит Афы аханатә иамаз аҵакы аасҭа акыр аҽшарҭбааз. Уи иҩуеит амацәыс иашьыз изы адагьы, ачымазарак зызнарҵысыз рҟныгьы ирҳәо иалагеит ҳәа иара иазку ашәа. Иаҳҳәозар, "Анцәарашәа" зҳәоз, издыруаз дреиуан Ҟасҭеи Арсҭаа. Уи адыд-мацәыс зԥырхагаз дҿыихуан ҳәа еиҭарҳәоит.

2010 шықәсазы сара Ешыра ақыҭа ианысҵаз анҵамҭа аҟны, аинформант Еныкь-Смыр Хьмур еиҭалҳәеит ауаҩы амацәыс иаахан, дарчмазыҩны дааннажьит ҳәа. Анаҩс ажәабжьҳәаҩ еиҭалҳәоит уи дышҿырхыз атәы. Ари иунарбоит адыд-мацәыс заахаз иныҳәара иаланагалаз аҽыԥсахрақәа.

Иахьа ари ақьабз ахархәара амаӡам, амала изгәалашәо, еиҭазҳәо маҷым.

Ныҳәара ҳагмыз, ҳныҳәаз зегьы...

Ажәабжьқәа зегьы
0