Ацу ҳфеит, ацу ҳфеит, ахьаҭра ахьаҩ ааҭҳаргеит: аԥсуа цуфарақәа рҵаки рхархәашьеи

© Sputnik  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтарейшая жительница абхазского села Кутол Хьфаф Кутол во время встречи с школьниками.
Старейшая жительница абхазского села Кутол Хьфаф Кутол во время встречи с школьниками. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рахьтә ижәытәӡақәоу иреиуоу ацуфарақәа рҵаки рхархәашьеи ҳаиллыркаауеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ацуфара акырӡа зхыҵуа фольклортә жанруп. Иара ахаҭа ажәа "ацуфара" ҩажәак реилаларала ишьақәгылоуп: "ацу" - ацуҭа, ақыҭа, аҳабла; "фара" - афара. Ацуфара иқәнаргыло азҵаара аҭак иара иагәылаҵәахуп, аха аҭак аҳәаразы ауаҩы цқьа дазхәыцроуп зсахьа аарԥшу амаҭәар. Ацуфара ирмаананы иҳәоу азҵаареи аҭаки рыла ишьақәгылоуп. Иара ауаҩытәыҩса ихшыҩ аус аруроуп хықәкыс иамоу. Ирхәыцгоуп, ихшыҩ ԥышәагоуп.

Аԥсуа бырг - Sputnik Аҧсны
Гәымаа рысакаса акаԥатәык иҽанижьлон: аԥсыуа жәаԥҟақәак рҵаки рхархәашьеи

Раԥхьаӡа аԥсуа цуфарақәа ахшыҩзышьҭра риҭеит Дырмит Гәлиа. Иара еизганы икьыԥхьит ҩажәи ҩба цуфара.

Ацуфарақәа рҵакы

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ацуфара хәмаршақә ауп ишырҳәо, еиҳараӡак ахәыҷқәа роуп изҳәауа. Аха ажәытәан иара еиҳа аҵакы аманы иҟан, хәмаршақә аҳәара акәымкәа, даҽа функциакгьы нанагӡон. Ажәлар рҟны ацуфара аҳәараан еицлабуан. Ацуфарақәа неимда-ааимданы акәын ишырҳәоз. Еиҳараӡак уахынла, аҵхԥҽрақәа, аҷаԥшьарақәа раан (ачымазаҩ дахьыҟаз аҩнаҭаҿы, ма уахынлатәи аусурақәа раан, иаагозар, аԥшцәырҳәраан), абри аҩыза аҭагылазаашьақәа раан ҩ-гәыԥкны рҽааихшаны наҟ-ааҟ инатәаны ацуфарақәа рҳәараҿы аисара иалагон. Иаиааиуаз "Ацу ҳфеит, ацу ҳфеит, ахьаҭра ахьаҩ ааҭҳаргеит" ҳәа ҳәо, иаҵахаз ҵәылырхуан.

Лаԥшь ҵәаԥшь ҭаст: аҭәҳәаҟаҵаҩцәа алаԥш заахаз ишырхыруа иазкны>>

Ажәытәан ацуфарақәа зҳәауаз зықәрахь инеихьаз ауаа ракәын, урҭ ацуфарақәа рҳәараҿы ирымаз аԥышәа аҿар ирымардон.

Ацуфарақәа рыхкқәеи рхархәашьеи

Ацуфарақәа рыхкқәа рацәоуп. Ауаҩы иибоз, иааикәыршан иҟаз амаҭәарқәеи ацәырҵрақәеи исахьаркны ацуфараҿы иааирԥшыр алшон. Ҿырԥштәыс иаагозар, исахьаркны рыӡбахә ҳәазар алшоит афатәқәа, арыжәтә, амыругақәа уҳәа.

Анхара-бзазара иадҳәалоу ацуфарақәа

Анхара-бзазара ирыдҳәалоу ацуфарақәа хыԥхьаӡарала имаҷым. Анхаҩы инапала иааирыхуаз ақыҭанхамҩатә аалыҵ, мамзаргьы ибзианы иидыруаз, ихы иаирхәоз амаҭәарқәа рыхьӡқәа цуфараитәуан. Иаагап акык-ҩбак аҿырԥштәқәа:

  • Анышәтә ҩны, амҿтәы уаџьак. (Аҭаҭынжәга).
  • Игьежьыцыԥхьаӡа изызҳауа. (Адырды).
  • Аҳ иеимсы ишьихуеит, аҭаацәа еибаргәырӷьоит. (Ҳәызбала ашьтәа ацәа ахыхра).
  • Ар ахьгылаз уаҩаԥшь хәыҷык дгьало даарылалан, ирхны икаижьит. (Амагана).
  • Аҩсҭаа аҭәа рхны амца ацраиҵеит. (Аҭаҭын).
  • Уаҩ кьаҿ хәыҷык дааҩналан, итәаз зегьы иргылт. (Аҩымсаг).
  • Ах иахуеит, аҩ иаҩуеит, аԥсҭа гәаҩа иҭанаԥсоит. (Аӡлагара).
  • Аҳ иашҭа асы ауеит. (Ашылахәра).
  • Зыбӷаҿы абз змоу, зҳәатәы ауаа ихарҵо. (Акапанга).
  • Жәаԥшьык атәарҭа аҳаскьын ахьымаауа. (Ахәышҭаара).

Арыжәтә, аҵиаа, аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыдҳәалоу ацуфарақәа

Иарбанзаалак ацуфара изызку, изыхҳәаау амаҭәар гәылнаршәоит. Ацуфараҿы иқәгылоу азҵаара аҭак шамахамзар иааркьаҿны ҳәоук ала иҳәоуп. Ҳарзыхынҳәып аҿырԥштәқәа:

  • Уахьцалак иуцу, уҟаҵашьа ҟазҵо, хәарҭас зхы узымҭо. (Агага).
  • Напыда шьапыда агәашә аазыртуа. (Аԥша).
  • Мзала ишьҭасҵоит, мрала ишьҭысхуеит. (Аҵаа).
  • Зцәа ҩоу, згәы аӡоу, зыԥҳа дхагоу. (Аӡахәа).
  • Мцада ишуа. (Аҩы).
  • Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу. (Аҵла, аӡахәа, аҩы).
  • Сычуан хәыҷы ҩ-ҿахрак абысҭа зҭыҵуа. (Акакан).

Аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, ауаҩы имаха-шьахеи ирыхҳәаау ацуфарақәа

Шәагаалеи формалеи ацуфара афольклортә жанрқәа зегь рахьтә ажәаԥҟақәа ирзааигәоуп. Иуԥылар алшоит аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, ауаҩы имаха-шьахеи ирыхҳәаау ацуфарақәа. Ҿырԥштәыс иаагап:

  • Абнаҟа ианцо аҩныҟа иԥшуа, аҩныҟа ианцо абнаҟа иԥшуа. (Аџьма атәыҩақәа).
  • Аҳ иашҭа рацәак ҭаршәуп. (Ардәына).
  • Шҭак аҟны иуцҭанхо, абзиара узызуа, амҩан иуԥылар иузымдыруа. (Ашьха).
  • Заԥхьа зызқәа ыҟоу, зышьҭахь зымгәа ыҟоу. (Ашьаргәацә).
  • Сымпахьшь хәыҷы имбаӡо. (Абз).
  • Ӡыда ҟәараш. (Ахаԥыцқәа).

Иахьазгьы ацуфарақәа жәлар ргәалашәараҿы инханы иҟоуп, ирымоу ахԥша рцәымӡыц. Дара изызҳауа аҿар рыхшыҩ иҵагьы арҵарра, арцҳафырразы ицхыраагӡа дууп. Ацуфарақәа ахшыҩзышьҭра рыҭара иунарҵоит исахьаркны, иҵауланы ахәыцшьа, амаҭәарқәа, ацәырҵрақәа рзеиԥш ҟазшьақәа иаразнак ралкаара, ргәынкылара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0