Зегь раасҭа ицқьоу, иԥшьоу, ишкәакәоу: "ахш зыбжьоу", мамзаргьы "акыкацҳара"

© Foto / предоставлено Евой ТаниаДбар–Ҭаниа Рита
Дбар–Ҭаниа Рита - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҟны ирацәоуп аҵас ԥшӡақәа. Урҭ иреиуоуп хшла аиуара абжьаҵара, ма акыкацҳара захьӡу аҵас. Уи зрыбжьарҵози ишымҩаԥыргози атәы еилылкаарц афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуа длыҿцәажәеит Дәрыԥшь ақыҭан инхо Дбар–Ҭаниа Рита.

Есма Ҭодуа, Sputnik

"Акыкацҳара"

Аԥсҭазаараҟны зегь раасҭа ицқьоу, зегь раасҭа иԥшьоу, зегь раасҭа ишкәакәоу арбану ҳәа ианҵаа, аӡәы уи уаҩ ишьапы зқәымгылац асыԥса ауп иҳәеит, егьи – уаҩ ишьапы ахьзымнеиц Амшын Еиқәа иаҵоу абырлаш ауп иҳәеит, ахԥатәи - Ерцахә ашьапаҟынтәи иҵхәраан иаауа аӡыхь зегь раасҭа ицқьоуп, иԥшьоуп, ишкәакәоуп иҳәеит. Аҟәыӷацәа, аиҳабацәа ас еидтәаланы иахьеицәажәоз, даҽаӡәгьы аҭак ҟаиҵеит: абарҭ еиқәырыԥхьаӡаз зегь раасҭа иԥшьоу, ишкәакәоу, ицқьоу оума зхызгахьоу абырг ихцәы ашлара ауп ҳәа. Аха аханатә ацәажәара хацзыркыз зегьы даарылаԥшын, ус ҿааиҭит: "Адунеи аҿы зегь раасҭа ицқьоу, зегь раасҭа иԥшьоу, зегь раасҭа ишкәакәоу ан лгәыԥҳәыхш ауп!" ҳәа.

Аԥсуа ҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Ҭауади-аамсҭеи анхаҩыжәлари еизааигәанатәуан: ахәԥҳара аҵас иазкны

Ииашаҵәҟьангьы, Аԥсны аҭоурых иадыруеит ан лгәыԥҳәыхш иамоу амчра – ашьоурагьы аанызкылар зылшо, еиӷацәоу еинзынраало. Уимоу, ҩажәатәи ашәышықәса алагамҭанӡа еиқәханы иҟан "ахашатәра" (хшыла еибатәыз, еиуацәаз). Ас еиԥш ала ҭауади аамысҭеи рхәыҷқәа анхаҩцәа ааӡара ирырҭон. Ахәыҷы дзааӡоз "аӡӡеи" ҳәа изырҳәон, ирааӡоз – "ахәыԥҳа". Ари аҩыза аиуара рыбжьарҵар ҟалон ахәыҷы диаанӡагьы: аӡӡеицәас иҟалар зҭахыз, ахшараиура иазыԥшыз аԥҳәыс лнапы арахәыц ахарҵон, данилак уи дара дрырҭаран дшыҟоу ала. Мамзаргьы ааӡаҩыс иҟаларан иҟаз ихәыҷы уи лгәыԥҳәы дахькьысуан – убри алагьы ахштә еиуара рыбжьарҵон.

Дәрыԥшь ақыҭан инхо Дбар–Ҭаниа Рита иаҳзеиҭалҳәеит ажәытәан ахш зрыбжьарҵози уи шыҟарҵози атәы:

"Анкьа даҽа ҭоурыхкгьы ыҟан: ауаҩы амашәыр импыҵҟьеит, иҭахӡамкәан амашәыр ахьимпыҵҟьаз, ауаҩы диамхашьит. Ауаҩы даниамхашь, нас аҭыӡшәа рыбжьаланы ауаҩшьра рыбжьарҵар рҭахӡамызт, ажәытәуаа аҟәышқәа ыҟамзи, акрызхыҵуаз, илеидтәаланы илеицәажәон, аԥшәма, аҷкәын амашәыр зымпыҵҟьаз иҭаҳцәа рҿы инеиуан (дыҷкәыноума, ԥыҭк ихыҵуама)… Аиӷара рыбжьалар рҭахӡамызт, убри агәаанҷ аныбжьало, ахшара рызҳацԥхьаӡа, иҭоурыхны инхар, еиӷацәоуп ҳәа инхар рҭахӡамызт. Ан дыҟами, лықәра ыҟазаргьы егьамаӡамызт, амашәыр ҟазҵаз ауаҩы даашьҭыхны иан лҿы днаргон, ицны инеиуан. Абас ҳаззааиз, ҷкәынҵас сшәыдышәкылар сҭахуп ҳа даннеилагь, касышума, ма шьалума акы аалықәыршәны, лгәыҳәԥы ааиҿакны, далырцҳауеит ҳәа иԥхьаӡан", – ҳәа, абасала аиуара рыбжьалон, ацәгьеи абзеи рзеиланы иҟалон лҳәоит лара. Ас ала ԥас иҟалозгьы "ахәыԥҳа" ҳәа изырҳәон.

Ишыхәыҷыз ааӡара иргоз иакәзар, рхатә хшара иаасҭагьы еиӷьны дырбон, уи ахааӡала иакәхон. Хымԥада, ас еиԥш иҟаз аиуара рыҩганк афеида алырхырц иаҿын, аха еиҳарак уи ззыфеидаз ҭауади аамысҭеи ракәын. Избанзар хшылатәи аиуара абзоурала ҭауади аамысҭеи рекономикатә, рполитикатә ҭагылазаашьа еиӷьыртәуан, анхаҩы урҭ дырхьыԥшызар акәхон.

Еициз

Аӡӡеиреи ахәыԥҳареи аамҭа иагахьоу ҵасзар, еибатәым, аха еициз ртәы хазуп. Иахьагьы иуԥылоит аӡәы иашьас ма иаҳәшьас даныҟарҵо, аиуара рыбжьарҵарц ргәы аназыҳәо.

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Ахкаршәра, агараҿаҟәара: аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵара иазку згәаҭақәак

"Ахәыҷы даниуа аҽны, еициз ҳәа акәымкәаны, аҭаца даауганы ахшаа данылхылҵуа лгәылара аҭаца иҟоу, еиқәшәаны, ахшаа анеицроулак, абарҭ еишьцәоуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Еишьцәас аԥхьаӡаразыҳәаны акыкахш рыбжьарҵон, агәыҳәԥыхш. Агәыҳәԥыхш бжьаҵарас иҟаз убас акәын: ахәыҷы мызкы аҟара анихыҵлакь, ан, рыуа изҭаху, еигәылацәоу, аԥхьа инеиз, лгәыла ахәыҷы агара дахьгароу днеины дынидтәаланы агәыҳәԥыхш далырцәон, иҿалҵон. Нас убри аамышьҭахь, адырҩаҽны, ани ахәыҷы иан дааиуан егьи ахәыҷы игароугьы иҿы дааины агәыҳәԥыхш иҿалҵон. Убас агәыҳәԥыхш рыбжьоуп, еишьцәоуп ҳәа иԥхьаӡаны ирааӡон", – ҳәа еиҭалҳәоит Дбар–Ҭаниа Рита.

Абасала, еишьцәаны, еиҳәшьцәаны иҟеибаҵогьы ианызҳалакгьы агәакьацәа реиԥш еибабоит, хшла аиуара зыбжьоу иреиуоуп.

Иазгәаҭатәуп, амифологиаҟны еициз (аӡәы еицлоуз) ирызку ахаҵарақәа еиуеиԥшымкәа ишыҟоу. Еициз еиҳау амчқәа ныҟәызго ракәны ирыхәаԥшуеит, убри аҟнытә архаикатә жәабжьқәа рҿы урҭ антогонисттә хаҿсахьақәаны иаарԥшуп – руаӡәык абзиа дадыркылоит, егьи – ацәгьа, мамзаргьы дара еиӷацәаны ианаарԥшугьы ыҟоуп. Даҽа ганкахьала еициз аԥсабара, аԥсҭазаара аҿиара иасимволны иаарԥшуп. Абри аҵыхәтәантәи зегь реиҳа ихадароугьы ауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0