Аҩыжәра, аашьара, акаҷбеира: ашьцылара бааԥсқәа ирызку згәаҭарақәак

CC0 / / Застолье
Застолье - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы изцәырҵырц зылшо шьцыларақәак, грақәак ирызкны лгәаанагара ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Игәашәҭахьазар, аԥсуаа ҳажәаҳәаҿы инарҭбаан ахархәара раҳҭоит ажәеицааирақәа "уи зегь шьцылароуп", "узышьцылаз узаҟәыҵуам", иара убас иахәҭоу аҭагылазаашьаҿы ахархәара азыруеит ажәаԥҟақәа "Ашьцылара бааԥс идыршо ашаха иаҩызоуп, есымша иацлоит", "Ашьцыларақәа раԥхьа иласуп, ианулаҽ – ихьанҭахоит".

Абхазский долгожитель - Sputnik Аҧсны
Лахьынҵа узаахәом, насыԥ каршәны иубом: аԥсуаа рдунеихәаԥшразы азгәаҭарақәак

Аиашаз, ауадаҩрақәа зцу ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы изцәырҵырц алшоит ԥыла-ԥгала имоуа дымҩахызҟьарц зылшо ашьцыларақәа, аграқәа.

Грак, шьцыларак зыцрамсыц ауаҩы иԥшаара уадаҩуп, аха зегь реиҳа ихадароу аԥырхага узҭо ашьцылара шҵоурам дырны аҿагылароуп.

Наџьнатә аахыс аԥсҭазаара иацыз шьцылара бааԥсқәоуп уҳәар алшоит: инамыцхәу арыжәтә, аашьара, аҭаҭын ахара, акаҷбеира уҳәа.

Зыхьӡ ҳҳәаз ашьцыларақәа рықәыӡбара, рҵәылхра зныԥшуа аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа уԥымлар залшомызт. Ԥҳьаҟа урҭ ҳрызхьаԥшып.

Аашьацәа ахьынтәааз

Аашьара зегь реиҳа ижәытәу шьцылара бааԥсуп. Аашьароуп егьырҭ иацааиуа ашьцыларақәагьы зырҿио. Аашьаҩ дахьугалакгьы, аус ихы злахигаша дашьҭоуп, иара изы зны мышныҳәоуп, зны мышӷьарсуп. Арахь аҽхәарагьы илоуп, цқьа изыҟамҵо, иҟаимҵарц ииҭаху акы иахароушәа уирбоит, даҽазных даҽа ҿыҵгак иԥшаауеит. Аашьара иазку ажәаԥҟақәас иалукаарц алшоит: "Аашьаҩ иныҳәақәа рацәоуп", "Аашьареи ахәышҭаареи еишьцәоуп", "Аашьаҩ иҿырҳасрала дудыруеит", "Аашьаҩ ақалмышь аниба - дадтәалт, ачашә аниба - дадиалт", "Аашьаҩ нхан дымҵызар иҭахуп, крыфан – ддаузар", "Аашьаҩ иҿаҵа зегьы иреиҳауп".

Стадо коров. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Хьарала умаџьанамхарц, абарақьаҭра мцарц: арахәааӡара иадҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәак

Иҟоуп аԥсуа жәлар рҳәамҭа цҳафырк ари ашьцылара бааԥс ҟалашьас иаиуз ҳзеиҭазҳәо. Ҳазааҭгылап уи:

Иҟан хҩык аишьцәа. Даара иаашьон, иахьтәоугьы изгыломызт. Иагьарааны иубаргьы аҳа ашьапы иҵаианы ицәан.

Ус ишыҟаз, ҽнак зны руаӡәк дахьышьҭаз ииулак илақәа аахитын аҳа дҩаҵаԥшит:

– Шьири, цәгьала иҳа бзиазаап! – иҳәеит.

– Шьири, иааганы иҳамандаз! – иҳәеит аҩбатәи.

– Ҳаи, аҳәара злашәылшозеи! – иҳәахт ахԥатәи.

Ус ишааиуаз, аашьара икны иагоз аишьцәа рыҩны амца акит. Ҩыџьа уа илалаблы ицеит. Аӡәы даанхеит. Убри ихылҵыз роуп иахьатәи аашьацәа зегьы рҳәоит.

Арыжәтә шыҟалаз

Ажь ааӡареи аҩыҟаҵареи аԥсуа иԥсҭазаара иахәҭакуижьҭеи акрааҵуеит. Уимоу, ачеиџьыка иузаҟәыҭхом арыжәтә. Аныҳәарақәа, ачара, аԥсра-абзара ухаҿы иузаагом зегьы ирыцку арыжәтә ада.

Традиционная пахота в с.Бармыш - Sputnik Аҧсны
"Илауҵо ауп иааурыхуа": ахандеира иадҳәалоу аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа

Аԥсуаа ҳкультуратә ҭынха иагәылҷчаауа Нарҭаа ирызку аепос уаназхьаԥшуа, аҳәамҭақәа рҟнытә еилыхха иубоит Нарҭаа даара аӡахәа иахӡыӡаауа ишырааӡоз, рбаҳча шырацәаз, аҩгьы меигӡарахда ишҭарҭәоз. Нарҭаа рахьтә аҩыҟаҵара дазҟазан Нарҭ Хнышь. Ҩымаҭәас Нарҭаа иныҟәыргоз ҳаԥшьан. Нарҭаа рҳаԥшьақәа рацәан, аҩгьы рҭабзиахон. Урҭ аҳаԥшьақәа ирыман рхатәы хьыӡқәа: Ҩаӡамакьаҭ, Аҩаӡакьаҭ, Агӡакьаҭ, Хьамхәа уҳәа убас егьырҭгьы. Арҭ аҳаԥшьақәа зегьы иреиҳан Ҩаӡамакьаҭ. Иара Нарҭаа рӡаагага ԥҳалқәа фышә акуан. Ҩаӡамакьаҭ инахагыланы иқәыз ииҳәаз наигӡар акәын.

Аха ишааиуаз акәымкәа, аишьцәа утәы-стәы нарыбжьалан, аҳаԥшьа рзеимакырахеит. Аимак-аиҿак згәы кыднахыз Нарҭ Сасрыҟәа "ҳаимак зхароу уара уоуп, уҟамзар, еимактәы ҳауамызт" иҳәан, Ҩаӡамакьаҭ анышә иҩыҵхны ианиршә, ашьхақәа ирхыууаан Аԥсны агәаны икаҳаит. Ҩаӡамакьат ахьынкаҳаз иԥыххаа ицеит. Аҳаԥшьа агәаӷьқәа ҭан. Аҳаԥшьа анԥҽы, ажьгәаӷьқәа бӷьыжәаан, Аԥсны иахьабалак иқәԥсеит. Агәаӷьқәа ахькаԥсаз аӡахәа рхылҵт. Урҭ ирҿалаз ажь Нарҭ рыжь ҳәа иашьҭалт, аха нас, Нарҭаа репос аҿы ишаҳәо ала, уи ажәла ыӡт, ианыӡааит.

аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ - Sputnik Аҧсны
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ

Аԥсуа изы аҩы ус баша ақьафҟаҵара иатәымызт, уи, жәаҳәарада, иҷыдоу культуран. Аԥсуаа реилкаараҿы "арыжәтә ужәыроуп, иара уамжәроуп". Арыжәтә мыцхәы зҽадызцалоз ауаҩы еснагь пату иқәмызт. Арыжәтә аҟазшьа аазырԥшуа ажәаԥҟақәоуп: "Арыжәтә ахьыҩналаз амаӡа дәылҵуеит", "Арыжәтә гра хтыгоуп", "Арыжәтә амаӡа азыҵәахуам", "Арыжәтә мыцхәы зжәыз иажәа нҵәара ақәым", "Арыжәтә мыцхәы зжәыз ибз мыцхәы аҳәоит", "Арыжәтә ркәашагоуп, амцхә – блаҟьагоуп".

Акаҷбеира иахҟьаз

Ауаҩы илоу аҟазшьақәа зегьы реиҳа иҿаасҭоуп акаҷбеира. Акаҷбеира зцәа иалалаз, кажьшьа имаӡам – шьцылара бааԥсык иаҩызоуп. "Акаҷбеи агәыр ахьалеиҵо аиха алихуеит", "Акаҷбеи игәыла ичарагь дахыбаауеит", "Акаҷбеи ухы аҟара урбаны, ула аҟара уиҭоит", "Акаҷбеира ауаҩы иԥсы арцәгьоит" - акаҷбеи адунеи зегьы иара ихифауашәа, дзырҭәыша шыҟамло ауп иҳарҳәогьы арҭ ажәаԥҟақәа.

Акаҷбеира иахҟьаз ахҭыс аанарԥшуеит Очамчыра араион, Гәыԥ ақыҭан, Аџьамҽыӷра аҳаблан иҟоу аӡиа Папанҵҟәыр иахҳәаау алегенда. Папанҵҟәыр ҳәа изышьҭоу аӡиа ахьыҟоу ажәытәан нхарҭа ҭыԥны иҟан. Уа амал рацәаны измаз апап ԥсыцәгьак иҭаацәеи иареи нхон.

Яблоки - Sputnik Аҧсны
Ахаҳә ашша алызхуа, мамзаргьы харантәи икәалыкәаџьоз аҵәа ҟаԥшьқәа ирыхҳәаау ажәабжь

Ҽнак амхырашәаразы ауааҳә иун, ицхыраацәа рацәаҩны еизигеит. Ашьыбжьон акрырҿаҵара аамҭа анааи, аҳәа ырҟааны ала рзишьит.

Ауааҳәцәа апап имаҳәгьы дрылазаарын (вариантқәак рҟны иуԥылоит иԥҳа бзиа илбоз, мамзаргьы дҳәаны дзызтәаз арԥыс дрылан ҳәа). Шьыбжьон аишәа инадтәаланы акрыфара рнапы надыркуан еиԥш, апап иӡӷаб ачамгәыр ианҵаны ашәаҳәара далагеит "аҳәа ырҟааны, ала зшьыз" ҳәа. Ари змааназ еилызкааз амаҳәи ауааҳәцәеи аишәа иахыҵны идәықәлеит. Ауааҳәцәа ашҭагь инҭыҵит, адгьыл ааимыҩрын, апап инхарҭа, иҩны, иашҭа-игәара зегьы ҩҭабга ицеит.

Апап иԥҳа лхаҵа дишьҭалан, дыҩны ддәықәлазаап сихьӡоит ҳәа, данихьӡа аамҭазы лхаҵеи лареи рыбжьара адгьыл еиҩԥан, ларгьы дагеит, иара дынхеит. Аха иҟоуп амаҳә иԥҳәысгьы далигеит ҳәа ҳазҳәо алегенда авариантқәа.

Абас акаҷбеира иахҟьаны апап дшынҭаацәаныз, инхарҭагьы иаргьы нҭабга ицеит.

Арҭ аҳәамҭақәа шаҳаҭра руеит ауаҩытәыҩса адунеи дықәнаҵы цәаҩас илоу ашьцылара бааԥсқәа иԥсҭазаара ԥырхага арҭар шрылшо, урҭ аҽрыдцалара мап шацәктәу, риааира шаҭаху.

Ажәабжьқәа зегьы
0