Ӡиуауа – акьанџьа аӡы аҭара, мамзаргьы ақәа аруразы аныҳәа

© SputnikАԥсуа кьанџьа
Аԥсуа кьанџьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Анапаҵаҩра
Жәлар рамзар иаҵанакуа ақьабзқәа иреиуоуп ақәа аурц азы имҩаԥырго ақьабз Ӡиуауа. Ақьабз ахаҭагьы аиҭакрақәа ирхысит: ауаҩы ԥсаҭатәыс аӡы данарҭоз аамҭа инаркны ахәыҷы хәмаррахь аиасра аҟынӡа. Ари азҵааразы лдыррақәа ҳадылгалоит НААР аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Ӡиуауа – акьанџьа? Ӡиуауа - анцәахәы?

Ӡиуауа – ақьабз аҿы иҟарҵо акьанџьа ахаҭа ахьӡ акәу, мамзаргьы нцәахәы хьӡу инагӡаны еилкаам. Аҵарауаа ари атермин еиуеиԥшымкәа аинтерпретациа азыруеит. Џьоукы иазгәарҭоит Ӡиуауа / Ӡиуоу – ари аӡы амчра аазырԥшуа нцәахәуп ҳәа, даҽа џьоукы "аӡы аура", "аӡы узҭо" ауп иаанаго ҳәа иахцәажәоит, иҟоуп уи аетимологиа "аӡы азы ауоу" ҳәа еиҭазгогьы. Аха иара ақьабз изызку ҳәа еицҿакны ирҳәо акоуп – аӡы аҳәара, ақәа арура ауп.

137 шықәса зхыҵуа Хьфаф Лашәриаԥҳа аҿар ирымалдоит ҵҩа змам лыԥсҭазааратә ԥышәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2019
Аамҭа иагаз ақьабзқәа рызхьаара

Ажәабжьҳәаҩцәа рхаҭа уанразҵаауа, уи алацәажәара ианалалго "Ӡиуауа ҟаҳҵон, аӡахьы иаҳгон" ҳәа аиҭаҳәара иналагон. Уи зеиԥшла ақьабз ахаҭазы ирҳәо, идырхио акьанџьа иахьӡны ирҳәо - макьана еилыргатәу усны иаанхоит. Аха акьанџьа иахьӡзар ҟалап ҳәагьы уҳәар злалшо, иара анцәахәы ахьӡ акьанџьахь ииаргар ҟалон. Ус еиԥш аҿырԥштәқәа маҷым - егьырҭ ажәларқәа рҟны еиуеиԥшым ақьабзқәа рымҩаԥгараан иҟарҵо ақьабзқәа иара ззынархо амчра ахьӡ анарҭо.

Ӡиуау ақәа узҭо анцәахәы иакәзар, усҟан иара ихьӡгьы иҭеиҭыԥшгьы ԥсаҭатәс иҟарҵо иахьгьы ииаргоит. Ииашахаҭаны, ас еиԥш акульт ақьабзқәа рҟны аҭыԥ амоуп.

Ҳазааҭгылап иара акьанџьа иҟарҵоз зеиԥшроу ҳәа ирҳәо. Уи атәы ҳзеиҭалҳәеит зхаҭагьы ари ақьабз амҩаԥгара изныкымкәа иалахәхахьаз Мгәыӡырхәа ақыҭан инхо Олиа Леиба-Тәанба. 

"Ӡиуауа ҟаҳамҵоз… Ажәытә аҭәарӷәы ҟарҵон абаҳа еиԥш са схаангьы. Аҭәарӷәы аҵыхә ҟьаҟьаӡа иҟамзи, амаҭәа ашәырҵон, анапқәа реиԥш алабақәа наҭаны. Нас ахы нахадыргылон акьынтыжә еиларҳәны, ԥҳәыс маҭәала еилаҳәаны, "Ӡиуоуоу, Ӡиуооу, Ӡариқәақәа, мыркылдышь" ҳәо, аҳәсақәа, "аҳ иԥҳа дҳамоуп, аӡба дакит, ӡы хәыҷыказ даҳзыҭиуам, ӡдук азыҳәан даҳҭиуеит" ҳәа, абри ҳәо архан ҳцон, аҳәсеи ахәыҷқәеи, Мҷышь ҳцон, ӡеиқәҭәа ҟаҳҵон, Мҷышь ҭадырбоз џьысшьон…", - ҳәа ҳалҳәеит лара.

© Foto / Эсма ТодуаАинформант Олиа Леиба-Тәанба
Ӡиуауа – акьанџьа аӡы аҭара, мамзаргьы ақәа аруразы аныҳәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Аинформант Олиа Леиба-Тәанба

Акьанџьа ахаҭа хынтә-ԥшьынтә аӡы иалаҳажьуан, иалаҳхуан, нас иҳаманы аҩныҟа ҳаауан, аҩны ҳнеиаанӡа, ақәа аурагьы налагон ҳәа инацылҵеит.

Излаҳбо ала, аԥсуаа ҳҟны аӡы анцәахәы дшыԥҳәысу ала, акьанџьагьы ԥҳәыс маҭәалоуп ишеиларҳәо.

Аалӡга аӡиас, Тҟәарчал - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2018
Аӡы иҭоу, мамзаргьы ацәҵыхәа аӡы аныҭнаго

Ӡиуауа ажәытә шьаҭақәеи иахьатәи аамҭази

Иҟоуп аҵарауаа ажәытәӡан акьанџьа ахаҭыԥан аӡы иарҭоз ауаҩы иакәын ҳәа азгәазҭо. Уи аӡы дагар, ақәоура бааԥс ҟалоит, кыраамҭа иаҟәымҵуа ҳәа иазырыԥхьаӡон, аӡы дамгакәа дханагалар, ишахәҭоу иҟалон. Ашьҭахьы аԥсаҭатә афункциа акьанџьахьы ииаргеит. Аханатә ақьабз шымҩаԥыргоз атәы аҵарауаа рматериалқәа неидаҳкылар, ихарҭәаау аверсиа ҟалоит абас еиԥш:

Х-гәыԥкны рҽеиҩыршон: аҳәса еиҳабацәеи аҿар – аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи - хаз-хазы игылон. Амахәқәа ирылхны анышь ҟарҵон, уи аԥҳә ақәырҵон. Хазы аҽада (ма аҽы) ашьыршьаф шкәакәа ақәыршәны идыргылон. Акьанџьа иҟарҵаз аԥхьа анышь иақәыртәаны ауп ишааргоз,аҳ иԥҳа ахьтәы уардын даныртәалан данаарго еиԥш. Нас аӡаҿы ианнеилак, акьанџьа анышь инақәхны аҽада (ма аҽы) иақәдыртәон. Егьи аԥҳә амца нацраҵаны аӡиас иарҭон. Аҽада (ма аҽы) акьанџьа шақәтәоу аӡы инҭаргыланы зегьы аӡы ақәырҭәон. Убри аан Ӡиуауа ашәа зҳәоз аҳәса еиҳабацәа ракәын.

Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2017
Илиа Ашәба: жәытәрада аҿатә агьама ацәыӡуеит

Анаҩстәи аамҭақәа рзы ишааиуаз, ахәмарратә форма аанахәо иалагеит. Аӡаҿы ианнеилак ӡеиқәҭәа ҟарҵо, аиҳаракгьы ахәыҷқәа роуп зхы алазырхәуаз. Иазгәаҭатәуп, ари ақьабз 2015 шықәсанӡа ишымҩаԥыргоз Аҷандара ақыҭан инхо Царгәышаа (уи ашьҭахь атәы ҳаздырам), иара убас Мықә ақыҭа инхо Ҭараа ааигәанӡа иҟаҳҵалон ҳәа ҳарҳәеит, Мгәыӡырхәаа аҳәсақәа ракәзар, аҵыхәтәан ианыҟаҳҵаз аахижьҭеи 7-8 шықәса еиҳазаргьы ҟалап рҳәеит. Иҟалап уажәгьы иҟазҵо ыҟазар, аха ус еиԥш аинформациа ҳамам.

Хымԥада, хәмаррак аҳасабала акәзаргьы, зеиқәырхара, зеиҭарҿиара алшо қьабзуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0