"Анхәеи аҭацеи ахыбжа еимаркит" – анхәара, абхәара, аҭацара аԥсуаа рҿы

CC0 / Pixabay / sabinevanerp / Руки пожилой женщины
Руки пожилой женщины - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҟны жәытә-натә аахыс ԥсабаратә ԥҟараны ишьақәгылоу аиҳабацәа рыбзиа абареи, раҳаҭырбареи, ианрылымшо рныҟәгареи рҭәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аиҳабра аиҵыбра аныҟәгара
Аԥсуаа рҟны жәытәнатә аахыс ԥсабаратә ԥҟараны ишьақәгылоуп ани аби, анхәеи абхәеи рахь ахшара ирымоу абзиабра, урҭ раҳаҭырбареи рныҟәгареи рыдызҵо ақьабзқәа. Еиҳаби еиҵби реизыҟазаашьа еснагь иҳаракын, уи аԥсуа ипсихологиаҿы ишьақәгыланы иҟан. Уи аныԥшуан аҭаацәа рыҩнуҵҟатәи реизыҟазаашьаҿы. Иахьа ари аизыҟазаашьа "ус иҟан" ҳәа ииасхьоу аамҭалоуп ишахцәажәо, лассы-лассы иахашшаалоит аиҳаби аиҵби еизыӡырҩуам ҳәа, уимоу ари аибазымӡырҩра аҩ-ганк рҟынтәи иаауеит (аиҵбацәа "уззыӡырҩыша еиҳаб дыҟам ҳәа иашшуеит", аиҳабацәа "аҿар уажәшьҭа иаҳзыӡырҩыр рҭахым" ҳәа ирхьаауеит – уаанӡа ари аҩыза агәаанагара еиҳабык изцәырҵрын ҳәа ихаҿгьы изаагарамызт, аиҵбы аиҳабы лахь ииҭо акәзар – ҳаӷоу иибаша!)
Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2021
Аԥсуара иалакҭоу - аԥхашьароуп
Ани аби рҿаԥхьа ианакәзаалак ахшара иуалԥшьа дуун. Ани аби ԥазаҵәык ракәзар ирымоу, урҭ дырҿыҵны хазы нхара дцар ҟалаӡомызт, иара убас аишьцәа ахьыҟоугьы аҩнаҭаҿы аԥа еиҵбы даанхоит. Аҭаца ланхәеи лабхәеи дырмаабыр, хазы ацара иагьа иаԥшьылгаргьы, ианамуӡах иԥҳәыс даанижьуан акәымзар, иани иаби аанижьуамызт. Уи ус шакәу дырҵабыргуеит аԥсуа фольклортә материалқәеи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ражәабжьқәеи. Зани заби рныҟәгара ишахәҭоу иақәымшәаз ажәлар рҿгьы пату иқәмызт, ажәлар реизарақәа рҿы акәыз, ус ҩыџьа ахьааиқәшәозгьы аҽыԥныҳәа дадыргон, рыцҳашьарыда ахьӡыртәрақәа изыркуан. Абриалагьы аиҵби аиҳаби рыпатуеиқәҵара апсихологиа дырӷәӷәон.
"Дызбап, деилыскаап исҭацахараны иҟоу"
Ани аби ахшареи ԥсабарала реидҳәалара хымԥада иаҳа аҵак ҷыда амоуп, ихазуп анхәеи абхәеи аҭацеи (амаҳәи) реизыҟазаашьақәа. Анхәеи аҭацеи рымааибра ибзианы иаанарԥшуеит ановеллатә лакә "Акәыцҳа". Дыҟамзар ҟалап уи аӡбахә змаҳац, араҟа асиужет аагара ҳалагом. Ишьақәгылан иҟоуп аиумортә ҟазшьа зныԥшуа аҿаԥыцтә жәабжьқәагьы: иаҳҳәап, анхәеи абхәеи аҳәымсаг анеимаркуа рҭаца ишылбо, мамзаргьы абхәа иҭаца дымцәажәарц азы ацә анылзишьуа уҳәа иреиуоу.
В Абхазии впервые появится долгосрочная стратегия развития. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2020
Аиҵыбра ныҟәымгакәа, аиҳабра узныҟәгаӡом: аҭаацәара иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәак
Иазгәаҭатәуп, аԥсуаа аҭаацәа алалара азҵаара ус инадыххылан ирыӡбоз акы шакәмыз. Уи даара иршәон, ирзон, акыр иазхәыцуан. Аҷкәын игәаԥхаз аԥҳәызба дԥишәон сҭаацәа лызныҟәгома ҳәа, деиликаауан. Анхәеи абхәеи ракәзаргьы хазы аҭаца леилкаара иашьҭалон ҳаҷкәын дылзнырхома ҳәа. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рыбжьара иалкаау аҭыԥ ааннакылоит "Аҭаца ҟәыш" илызку алакәқәа – абхәа иҭаца еиуеиԥшым адҵақәа лыҭаны данԥишәо илылоу ибарц азы, лгәеилгара зеиԥшроу аилкааразы.
Ақьабзқәа
Анхәара, абхәара, аҭацара аныҟәгара иазыԥҵәоуп ахатәы қьабзқәа. Урҭ ақьабзқәа рықәныҟәара аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа шьақәзырӷәӷәо ракәны иҟоуп. Урҭ иреиуоуп: анхәеи абхәеи рҿаԥхьа аиццәырымҵра, амцәажәара, ахьӡшьара, ахаҵгылара. Арҭ аизыҟазаашьақәа идырҿиоит апатуеиқәҵара, аҳаҭырбара. Аҭаацәа алахәылацәа рхатә ҭыԥ рзаԥҵәоуп, арҭ ақьабзқәа рныҟәгарагьы досу иҳаракра, иҭыԥ унардыруеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0