"Аҭаацәа ахшара рзы, ахшара рхазы": ани, аби, ахшареи реизыҟазаашьақәа

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРодители с детьми гуляют в парке
Родители с детьми гуляют в парке - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2021
Анапаҵаҩра
Аҭаацәа аҳәынҭқарра маҷк иаҩызоуп рҳәоит, нас иарбан ҟазшьақәоу ари "аҳәынҭқарра" ауасхыр зырӷәӷәо – абри азы лхатә гәаанагара ҳацеиҩылшеит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аҳәоуеиқәшәара
Ани аби ахшареи рҳәоу анеиқәшәо, хҭак ианеицҭахысуа, ҿык ианеицҭацәажәо ахьтәы цҳак иаҩызоуп урҭ реизыҟазаашьақәа. Еиҳау насыԥ ыҟаӡам ус еиԥш аизыҟазаашьа аԥҵара зылшаз изы. Аӡәы ианиазҵаа, иаауҳәо зегьы узыҟасҵоит, уԥсы ахьынӡаҭоу иузхаша амал усҭоит уҭахызар, иарбан иуҭахәу ҳәа – "аҳәоуеиқәшәара сыҭ, уаҳа акагь сҭахым" иҳәеит аҭакс. Иҵабыргыҵәҟьаны, умал-ушьал акгьы иаԥсам, уҭаацәа рыҩнуҵҟа аҳәоуеиқәшәара ыҟамзар, досу ихыза иара иахь дахозар.
Руки пожилой женщины - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2021
"Анхәеи аҭацеи ахыбжа еимаркит" – анхәара, абхәара, аҭацара аԥсуаа рҿы
Аҭаацәа аҳәынҭқарра маҷк иаҩызоуп рҳәоит. Аҭаацәара ашьақәгылашьа аҳәынҭқарра ашьақәгылашьа амахәҭақәа ирыҿурԥшыр ауеит. Иарбанзаалак махәҭак ԥсыҽхар, аҭаацәара зегьы ирныԥшуеит.

"Аҩны ишьҭухуа ауп агәашә иҭугогьы"

Ааӡара аԥсуаа еснагь аҵак ду арҭон. "Ахәыҷы аҩны ишьҭихуа ауп агәашә иҭигогьы" рҳәоит. Аԥсуаҵасла ахәыҷы иааӡара ахатәы ҷыдарақәа амоуп. Аԥсуаа ражәа иалаҵаны "ахаҵеи абнеи, аԥҳәыси аҩни" рҳәоит, убри алагьы ахаҵеи аԥҳәыси русеихшара ааԥшуеит.
Аҭаацәараҿы ахаҵеи аԥҳәыси реизыҟазаашьа ҭоурыхла ишьақәгыланы иҟоуп, иамоуп ахатәы ҟазшьақәа. Аҭаацәа дырхадоуп аԥшәма, уи иаҳаҭыр ӷәӷәазароуп. Аԥшәма иҭаацәараҿы шаҟа иаҳаҭыр шьҭыху аҟара, анҭыҵгьы иаҳаҭыр ӷәӷәахоит. "Аԥҳәыс аҩны лхагылоуп" ҳәа рҳәоит. Абасала ахаҵеи аԥҳәыси хеибарҭәаауа ианыҟоу ахәыҷы иааӡараҿгьы иҿырԥшыгахоит. Ишырҳәо еиԥш, ахәыҷы дзааӡо уара уҿырԥштәы ауп.

Ԥсыуаҵас ахәыҷы иааӡара

ахәыҷқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2020
"Данеицәкьысуа изҳауеит": ан, ахшара, ахшараиура ирыдҳәалоу аԥсуа жәлар разгәаҭарақәак

Ан леиԥш абгьы ихшара ргәыбылра имоуп, аха аб ахәыҷқәа рҿы иаҳа аҽынкылара ааирԥшуеит, аиҳаракгьы аӡәы иахьибо, асас даниҭоу. Ахәыҷы игәыдкылара, аҟәымшәышәра, ишьамхы дықәыртәаны ирхәмарра ахаҵа иаҭәам ҳәа иԥхьаӡан. Аб илакҭа анҭаԥшра ахәыҷы изхоит, ахәыҷы иахь амақарра, аӷьра, апҟара аб иузидкылом. Ус еиԥш азнеишьа "рыбз еинаршьцылоит" рҳәоит, аб иаҳаҭыр ахәыҷы иҿаԥхьа иланарҟәуеит. Ан лоуп шамахамзар аби ахәыҷи цҳас ирыбжьоу. Ан ахәыҷы даниабжьо "уаб думырԥхашьан" ҳәа лажәа иалоуп, уи алагьы аб иаҳаҭыр шьҭылхуеит. Аби ахшареи реизыҟазаашьаҿы ан лроль даараӡа акраҵанакуеит. Агәыбылра, аҳаҭырқәҵара рыбжьазҵо ан лоуп.

Аԥсуаа ражәа иалоуп "аибааӡара шәоуааит" ҳәа. Ари ажәа иаанарԥшуеит аӡәы даҽаӡәы диааӡо ҳәа акәымкәа, дара дара хеибарҭәаауа, еибааӡо ишыҟазар акәу. Аԥсуа ҭаацәаратә традициақәа азқьышықәсала ишьақәгыланы иаауеит. Урҭ анормақәа алеишәа шьақәдыргылоит. Алеишәа ахьыҟам "аҳәынҭқарра маҷ" еилабгоит, уи анырра анаҭоит иара аҳәынҭқарра ахаҭагьы, избанзар аҳәынҭқарра шьақәзыргыло абарҭ "аҳәынҭқарра маҷқәа" роуп. Аҭаацәаратә традициақәа џьара-џьара рыцәхьаҵра, рыԥсыҽхара иааидкыланы аԥсуа иԥсҭазаара ишаныԥшуа бла иазгәамҭар залшом.
Ажәабжьқәа зегьы
0