Жәларбжьаратәи атурнир аҿы аԥснытәи абоксиор ахьтәы медалқәа иоуит

© Фото : Грицюк СтепанСпортсмены
Спортсмены - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абокс азы ахԥатәи Жәларбжьаратәи атурнир "Плечом к плечу" мҩаԥысуан Новороссииск рашәара 23 - 25 рзы.

АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥснытәи аспортсмен Ҳаџьараҭ Кардиа актәи аҭыԥ ааникылеит Абокс азы ахԥатәи Жәларбжьаратәи атурнир "Плечом к плечу" аҟны. Атурнир "Плечом к плечу" мҩаԥысуан Новороссииск рашәара 23 — 25 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа.

"Ҳаџьараҭ днарыԥхьеит Краснодартәи акоманда ахьӡала дықәгыларц. 70 кьыла рҟынӡа зыкапан наӡоз аспортсменцәа рыбжьара Ҳаџьараҭ актәи аҭыԥ ааникылеит", — иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Абокс азы ахԥатәи Жәларбжьаратәи атурнир "Плечом к плечу" мҩаԥысуан Новороссииск рашәара 23 — 25 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0