Аԥснытәи аспортсменцәа Шәачантәи амедалқәа рыманы ихынҳәит

© Foto / Саида ГунбаСборная Абхазии на Первенстве Сочи по тхэквондо
Сборная Абхазии на Первенстве Сочи по тхэквондо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тхеквондо азы Аԥсны еизгоу акоманда 29-ҩык аспортсменцәа рыла ишьақәгылоуп.

АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Тхеквондо азы Аԥсны еизгоу акоманда алахәылацәа жәабран 22-24 рзы Шәача имҩаԥысуаз аиндаҭлараҿы ахьтәы медалқәа 15, араӡны медалқәа 8, аџьаз иалху амедалқәа 3 ранашьахеит ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит акоманда азыҟаҵаҩ Саида Гәынԥҳа.

Всероссийский турнир по косики каратэ Кубок Сибири - Sputnik Аҧсны
Барнаул имҩаԥысуаз атурнир аҿы аԥснытәи акаратистцәа аԥыжәара ргеит

Тхеквондо азы Аԥсны еизгоу акоманда 7 - 16 шықәса зхыҵуа 29-ҩык  аспортсменцәа рыла ишьақәгылоуп. Акомандатә зшьала актәи аҭыԥ ныркылеит.

"Аиҵбацәа рҟынтәи ирацәаҩуп раԥхьаӡа акәны ареспублика анҭыҵ ақәгылараз инеиз, аха урҭ рхы бзиаӡаны иаадырԥшит, ақәҿиарақәагьы роуит. Актәи аԥшь-ҭыԥк ааныркылеит", - ҳәа лҳәоит азыҟаҵаҩ.

Гәынԥҳа лажәақәа рыла, акоманда иагәҭакуп тхеквондо азы Адыгеиа имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла ачемпионат аҽалархәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0