"Акадифаамҭа": атуристцәа аԥсшьаразы Аԥсны иалыркаауа аҭыԥқәа хәба

© Sputnik / Томас ТхайцукНовый Афон
Новый Афон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атуристцәа рыԥсшьаразы заанаҵы анхарҭаҭыԥқәа рзалызхуа амаҵзура Tvil.ru ишьақәнаргылеит цәыббра 1 инаркны жьҭаара 31 рҟынӡа еиҳа аԥсшьаразы иманшәалоу аҭыԥқәа рсиа.

АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Гагра, Цандрыԥшь, Аҟәа, Афон ҿыц, Алаҳаӡы — Аԥсны реиҳа иалыркаауа, зыхәԥса ҳаракым ҭыԥқәаны ишьоуп "акадифаамҭа" ҳәа ззырҳәо ҭагалан ахҵәахаан ҳәа аанацҳауеит атуристцәа аԥсшьаразы заанаҵы анхарҭаҭыԥқәа рзалызхуа амаҵзура  Tvil.ru.

Атуристцәа еиҳарак абри аамҭахҵәахазы 8-14 мшы рыԥсшьараан уахыки-ҽнаки рыла инырхуеит 829 – 1400 мааҭ аԥара. Зегь раасҭа имарианы аԥсшьара алшоит Афон ҿыц, еиҳа ахәԥса дууп Аҟәа.

2020 шықәса ҭагаланы азы еиҳа иманшәалан Аԥсны аԥсшьара ахьалшо:

  • Гагра — 1001 мааҭ / 9,57 ҵхы*
  • Цандрыԥшь — 1066 мааҭ / 10 ҵхы
  • Аҟәа— 1438мааҭ / 8 ҵхы
  • Афон ҿыц— 829 мааҭ / 10,5 ҵхы
  • Алаҳаӡы — 1180 мааҭ / 14 ҵхы

Цәыббра 1 инаркны жьҭаара 31 рҟынӡа еиҳа аԥсшьараз иманшәалоу  аҭыԥқәа рзы асиа шьақәнаргылеит атуристцәа аԥсшьаразы заанаҵы анхарҭаҭыԥқәа рзалызхуа амаҵзура Tvil.ru.

*Уахыки-ҽнакыи рыла аҭаацәа иҿарҵаз аҭыԥ азы иршәо аԥара/ аҵхқәа бжьаратәла рхыԥхьаӡара

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0