Ми-8 аԥҽыхақәа рбеит Баренцбург иацәыхарамкәа

© Sputnik / Игорь Онучин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРегиональный учебно-методический сбор МЧС по парашютно-десантной подготовке
Региональный учебно-методический сбор МЧС по парашютно-десантной подготовке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Норвегиеи рыԥшааҩцәа русеицураан ирыԥшааит аԥшьаша аахыс изышьҭоу Ми-8 аԥҽыхақәа.

АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Баренцбург (архипелаг Шпицберген) иацәыхарамкәа амшын аҟны 200 метра аҵаулараҟны ирыԥшааит урыстәылатәи аверталиот Ми-8 аԥҽыхақәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥшьаша ашьыжь аверталиот арадарқәа рҟны иӡит. Аверталиот иҭан аа-ҩык ауааԥсыра.

"Конверс Авиа" ахаҭарнак РИА Новости адырра аиҭеит аверталиот абри аилак ишатәыз азы.

Аверталиот каҳазар ҟалоит ҳәа агәаанагара ахьрымаз аҭыԥ аҳауаҟынтәи амшын аԥшаҳәаҟынтәи аԥшаарақәа ирҿын.

Норвегиа аԥшааратә маҵзура ахаҭарнакцәа ражәақәа рыла аверталиот аныӡуаз аламҭалаз ауаа аматорқәа русурабжь раҳауан.

Ажәабжьқәа зегьы
0