Актәи аканал аолимпиада ахәмаррақәа днарбалоит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДмитрий Васильев (Россия) в финале командных соревнований по прыжкам с большого трамплина
Дмитрий Васильев (Россия) в финале командных соревнований по прыжкам с большого трамплина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ВГТРК аҳәамҭа ҟанаҵахьан Аолимпиада-2018 атранслиациақәа шыҟанамҵо, уа урыстәылатәи аспортсменцәа алахәымхар.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30— Sputnik. Аолимпиатә ҳәмаррақәа (ОИ-2018) аҟны урыстәылатәи аспортсменцәа злахәхо ахәмаррақәа Актәи аканал ала иддырбалоит ҳәа аанацҳаит РИА Новости.

Валерий Аршба - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аолимпиатә комитет: Урыстәыла аолимпиада иалахәхароуп

"Актәи аканал XXIII аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҟынтәи атранслиациа мҩаԥнагалоит. Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп жәабран 9-25 рзы Пхенчхан ақалақь аҿы (Аладатәи Кореиа)", — ҳәа аҳәоит аканал адирекциа рдырраҭара.

Жәабран 9, 10, 11 рзы идырбахоит акәашаратә ҵаақәышьқьырра, ашәҩала аиԥхныҩларақәа, аҵаақәышьқьырра, абиатлон, акерлинг азы аицлабрақәа.

Жәабран 9 рзы Актәи аканал иднарбараны иҟоуп керлинг азы аицлабра, Урыстәылеи Финлиандиеи рыбжьара, иара убасгьы аҵаақәышьқьырратә кәашарақәа.

Жәабран 10 рзы шәҩала аиԥхныҩларақәеи аҵаақәышьқьырреи, шорт-треки рзы аицлабрақәа дырбахоит.

Жәабран 11 рзы Урыстәылеи Швеицариеи рыбжьара керлинг азы аицлабреи фристаил адисциплина могул ала аҳәса реицлабра ддырбоит.

Уаанӡа ВГТРК аҳәамҭа ҟанаҵахьан Аолимпиада-2018 атранслиациақәа шыҟанамҵо, уа урыстәылатәи аспортсменцәа алахәымхар.

Ажәабжьқәа зегьы
0