Захарова: Солсберии Шьамтәылеи рыхҭысқәа – провокациоуп

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОфициальный представитель министерства иностранных дел России Мария Захарова
Официальный представитель министерства иностранных дел России Мария Захарова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Солсбери аҭыԥ змаз ахҭыс Урыстәыла иаҿагыланы Британиа имҩаԥнаго аҽазышәарақәа ирыхәҭакуп ҳәа иазылыԥхьаӡоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

АҞӘА, мшаԥы 13— Sputnik. Скрипалиаа рҭаацәара ирыдҳәаланы Солсбери аҭыԥ змаз ахҭыси аҵыхәтәантәи аамҭазы Шьамтәыла имҩаԥысуа ахҭысқәеи Урыстәыла иаҿагыланы Британиа имҩаԥнаго аҽазышәарақәа ирыхәҭакуп ҳәа иазылыԥхьаӡоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ари иаку усмҩаԥгатәуп, еиуеиԥшым азҵаарақәагьы аӡбоит", — лҳәеит Захарова абрифинг аҟны.

Захарова иазгәалҭеит Солсбертәи ахҭыс инашьҭарххны ишцәырҵыз Шьамтәыла ахимиатә бџьар ахархәара аҭыԥ аман ҳәа ажәабжь.

Урыстәылеи Британиеи реизыҟазаашьақәа акыр иуадаҩхеит Солсбери иҟаз ахҭыс инамаданы. Лондон ишьақәдырӷәӷәоит Скрипальраа ирырҭаз ашҳам-хәшәы Урыстәылоуп иахьҭыжьу ҳәа. Москваа кәзар уи мап ацәнакуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0