Урыстәылеи Америкеи рхаҭарнакцәа атәылақәа реизыҟазаашьа иалацәажәеит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на здание Белого дома в Вашингтоне
Вид на здание Белого дома в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩны шкәакәа абжьагаҩи Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩи алацәажәеит атәылақәа рыҩба реизыҟазаашьа аҭагылазаашьа.

АҞӘА, мшаԥы 20 — Sputnik. Амилаҭтә шәарҭадараз Америка ахада иабжьагаҩ Джон Болтони ЕАШ иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Антоновы алацәажәеит атәылақәа реизыҟазаашьа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Москвеи Вашингтони рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәаларазы ирылацәажәатәуп 2016 шықәса рзы Урыстәыла алхрақәа аҽахьрыланагалази, Британиа ахимиатә маҭәашьар ахы иахьанархәази, Украинеи Шьамтәылеи рҟны иҟоу аҭагылазаашьеи ҳәа иҳәеит амилаҭтә шәарҭадараз Америка ахада иабжьагаҩ Джон Болтон.

Болтон иазгәеиҭеит аизыҟазаашьа бзиақәа Москвеи Вашингтони рзы хра рыманы иҟоуп ҳәа.

Урыстәылахь Америка иамоу агәынамӡарақәа ируакуп Москва Башар Асад адгылара ахьинаҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0