NASA аҟазауаа Адгьыл астероидқәа ишырцәырыхьчо атәы рҳәеит

© NASANASA's Curiosity rover has found the first evidence of liquid water on Mars, a significant step in the search for past life on the red planet.
NASA's Curiosity rover has found the first evidence of liquid water on Mars, a significant step in the search for past life on the red planet. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
NASA аҟазауаа иаадырԥшит Адгьыл азы еиҳа ишәарҭаны иҟоу астероидқәа. Иара убри аан иааиуа ашәышықәсақәа рзы урҭ шәарҭара рыланы иҟам.

АҞӘА, рашәара 22— Sputnik. Астероидқәа рҟынтәи Адгьыл ахьчара аплан аус адырулеит Америкатәи аштатқәа рҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Fox News адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Егьырҭ америкатәи аусбарҭақәа русзуҩцәеи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рлахәылацәеи алархәны NASA аекспертцәа 95% рҟынӡа астероид ҭарыԥшыхәит. Урҭ рхышәа-ҵышәа Адгьыл ԥхьаҟазы аԥырхага азнаур алшоит ҳәа ирыԥхьаӡеит.

Аштатқәа реиҳабыра рдокумент аҿы иарбоуп астратегиатә хықәкқәа. Арахь иаҵанакуеит ишәарҭоу астероидқәа рҭаԥшыхәразы атехнологиа ҿыцқәа аус рыдулара, абарҭ азҵаарақәа рганахь ала жәларбжьаратәи аусеицура арӷәӷәара иара убасгьы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рцәырҵраан ахымҩаԥгара авариантқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0