Сергеи Лавров Мраҭашәаратәи атәылақәа рполитика ахҳәаа аиҭеит

Анапаҵаҩра
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аканал RT ателемҩаԥгаҩы Ларри Кинг аинтервиу иҭо дазааҭгылеит Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла аганахь ала имҩаԥырго аполитика ҵаҵӷәыс иамоу.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik. Мраҭашәара Урыстәыла аганахь ала имҩаԥнаго аполитика "иҟалар ҟалоит" ауп ҵаҵӷәыс ианаҭо иҳәеит аинтервиу аҿы Сергеи Лавров, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Мраҭашәара Урыстәыла аганахь ала имҩаԥнаго аполитика "иҟалар ҟалоит" ауп ҵаҵӷәыс ианаҭо. Иагьышьақәнарӷәӷәоит: аҽакала ҳәашьа амам ҳәа", — иҳәеит аминистр.

Лавров иажәақәа риашара шьаҭаны ирзааигоит Москва Америка абжьыҭира ахалагалара еиԥш иҟоу аҭҵаарақәа ахьымҩаԥыргаз. Ҷыдала ҿырԥштәны игоит абри аганахь ала Америка асенат аҿы аԥшыхәратә маҵзуреи аилаки ражәахә.

Указатель окружной больницы Солсбери - Sputnik Аҧсны
Еимсбери ашҳам зцәа иалалаз ахаҵа ихдырраҿ дааит

"Урыстәыла алхрақәа ралахәреи Трампи Урыстәылеи реимадареи" уҳәа реиԥш иҟоу ҵаҵӷәы змам аусқәа ҭырҵаауеит ЕАШ Аконгресс аҩ-палатак рҿы, ҷыдала уи аус ҭиҵаауеит ихьыԥшым апрокурор Роберт Миуллер. Урыстәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ иакәзар арҭ аҽыԥныҳәақәа иарбанызаалак ҵаҵӷәы рыманы иҟам, баша ҽхырцәажәароуп ҳәа рхиҳәааит.

Лавров иара убасгьы ҿырԥштәны иааигеит аофициалтә Лондон Солсбертәи ахҭысқәа рыкәша-мыкәша ицәырнагаз ацәажәарақәа.

"Уажәгьы Солсбертәи ахҭысқәа рганахь ала аусҭҵаара мҩаԥысуеит, аха иарбанызаалак аартрак ыҟам" — иҳәеит Лавров.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.

Британиа ду Аԥыза-министр Тереза Меи абри инадҳәаланы Урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла иалцахоит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы русура ԥкхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

Министр иностранных дел России Сергей Лавров, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Лавров урыстәылатәи адипломатцәеи "Скрипаль иуси" реидҳәалара ахҳәаа аиҭеит

Убри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 17 рзы 23-ҩык Британиа ду Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа "персона нон грата" ҳәа ишьаны мчыбжьык аҩныҵҟала Урыстәыла аанрыжьроуп ҳәа аӡбра аднакылеит.

Уи ашьҭахь "Скрипаль иус" инадҳәаланы, ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит атәылаҟынтәи 60-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН иҟоу атәыла ахаҭарнакра аусзуҩцәеи атәылаҟынтә ишықәцахои Сиетл иҟоу Урыстәылаа консулра хада шадыркуеи рзы.

Иара убри аан иарбанызаалак Урыстәыла ахара ахаразтәыша ршаҳаҭга ыҟан иҟамызт.

Москва акәзар, имҩаԥысуа провокациоуп ҳәа ахнаҳәаауан. Владимир Путин иакәзар иазгәеиҭеит Урыстәыла ахимиатә бџьар амам ҳәа.

Сергеи Лавров иакәзаргьы лаҵарамзазы "Скрипальраа рус" ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ахиҳәаахьан, иагьазгәеиҭахьан абри аус аҿы Урыстәыла иарбанызаалак харак шамам.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова лакәзар аҳәамҭа ҟалҵахьан Скрипальраа рганахь ала Форин-офис ахь 60 инарзынаԥшуа дипломатиатә нота шынашьҭу, аха урҭ ҭакда ишныжьу.

Ажәабжьқәа зегьы
0