Samsung асмартфонқәа ҩаԥхьа Apple асмартфонқәа ираԥыргеит

© AP Photo Charles Rex ArbogastТелефон iPhone X. Архивное фото
Телефон iPhone X. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Роскачествои ахархәаратә ҭҵаарақәа реиҿкаара Жәларбжьаратәи ассамблеиеи (ICRT) еицхырааны 2018 шықәса рзы еиҳа рхы иадырхәо асмартфонқәа рреитинг мҩаԥыргеит.

АҞА, нанҳәа 3 — Sputnik. Роскачествои ахархәаратә ҭҵаарақәа реиҿкаара Жәларбжьаратәи ассамблеиеи (ICRT) еицхырааны 2018 шықәса рзы еиҳа рхы иадырхәо асмартфонқәа рреитинг мҩаԥыргеит. Уи аихшьаалақәа рыла Samsung асмартфонқәа Apple асмартфонқәа иреиӷьуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аиҿкаара абасеиԥш ишьақәнаргылеит иреиӷьу ажәаба рсиа:

1.Samsung Galaxy S9

2.Samsung Galaxy S9 Plus

3.Samsung Galaxy S8

4.S8 Plus

5.iPhone 8 Plus

6.Huawei P20 Pro

7.Samsung Galaxy Note 8

8.iPhone 8

9.iPhone X

10.Huawei Mate 10 Pro.

Иреиӷьқәоу алырхуан 229 ҟазшьа рылеи ашәарҭадаралеи.

Ацәаакыра аԥырхагам ҳәа иалырхит:

Samsung Galaxy S8, S8 Plus, Galaxy Note 8.

Афотосахьақи авидеои рхаҭабзиарала иалырхит:

Apple — iPhone X, iPhone 8 и iPhone 8 Plus.

Аӷәӷәараз атест иахысит:

Huawei P20 Pro, Huawei Mate 10 Pro.

Аккумулиатор еиҳау аусурала иалырхит:

Huawei Mate 10 Pro (4,5 балла), Samsung Galaxy S8 (4,09), Galaxy S8 Plus (4,01).

Зегь раасҭа анацәкьарақәа зныруа ракәны иалкаауп:

Apple iPhone 8 Plus, iPhone 8, iPhone X.

Тест на сложность в использовании.

Здесь проверку прошли модели Galaxy S8 и S8+, Galaxy Note 8 и iPhone X.

Икоммерциатәым автономтә еиҿкаара "Российская система качества" (Роскачество) шьаҭаркын 2015 шықәса рзы ихьыԥшымкәа атауарқәа рхаҭабзиара аҭҵааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0