ФБР уаанӡатәи аиҳабы имемуарақәа ателесериал шьаҭас иаиуеит

© AFP 2023 / YURI GRIPAS Федеральное бюро расследований США
Федеральное бюро расследований США - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Джеимс Коми имемуарқәа, Америка ахада Дональд Трампи иареи реинырра атәы зҳәо ашәҟәыҭирҭақәа рахь инеиит мшаԥымза 17 2018 шықәса рзы.

АҞӘА, цәыббра 19 — Sputnik. Джеимс Коми имемуарқәа, Америка ахада Дональд Трампи иареи реинырра атәы зҳәо уажәы аилахәыра CBS Television Studios иҭнажьраны иҟоу ателесериал шьаҭаны иаиуеит ҳәа аанацҳауеит RT.

Асценари "Высшая лояльность: правда, ложь и лидерство" авторс дҟалоит Комистанет Билли Реи. Иара деицырдыруеит акинофильм "Капитан Филлипс" ала, продиусерс – Алекс Куртцман (ателесериал "Звездный путь: Дискавери").

Коми ФБР адиректорс дҟаҵан 2013 шықәса рзы, Барак Обама иҭаххарала. 2016 шықәса рзы Хиллари Клинтон лусура ҭиҵаауан. Алхрақәа рышьҭахь Клинтон ФБРи Комии лаҵахара амзызқәа ируакуп ҳәа ахылҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0