00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Таиланд аиҳабыра апластик иалху апакетқәа ахрархәара азин ҟарҵом

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на закат над Андаманским морем с побережья Таиланда.
Вид на закат над Андаманским морем с побережья Таиланда. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сиамтәи аӡыбжьахалаҿ иҟоу таитәи адгьылбжьаха Ко Самет иахьаҵанакуа зегьы апластик иалху апакетқәа ахрархәара азин аанкылоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Сиамтәи аӡыбжьахалаҿ иҟоу таитәи адгьылбжьаха Ко Самет иахьаҵанакуа зегьы апластик иалху апакетқәеи аконтеинерқәеи ахрархәара азин аанкылоуп. Ари аӡбра еилазгаз аштраф ддыршәалоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости апортал АТОР адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ко Самет, Паттаи 100 километрак инацәыхараны ишьҭоуп. Апластик аҟынтәи аҵакыра ахы иақәиҭтәуп ҳәа аӡбра анрыдыркыла ашьҭахь атуристцәа ахархәаразы ирыдыргалоит ақьаадлых пакетқәа, асакьқәа.

Ко Самет есыҽны, бжьаратәла 1500-ҩык атуристцәа аҭаауеит. Имҩаԥгоу аԥхьаӡарала урҭ ианеиҵаха ааба-ааба пластик пакет ара инрыжьуеит. Иааидкыланы мышкы ахы-аҵыхәала 12 000 пакет аанхоит. Иара убри аан 1981 шықәса раахыс адгьылбжьаха Милаҭтә ҳәырԥсарраны иԥхьаӡоуп, адгьылбжьаха аиҳабыра ргәаанагарала ариаҟара пластик аекологиатә рыцҳарахь икылнагар алшоит.

Ко Самет инашьҭарххны апластик ахархәара мап ацәкхоит адгьылбжьаха Самуи аҿгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0