Венесуела иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Мадуро изинмчра азхаҵара далацәажәеит

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Каракас
Города мира. Каракас - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАА мап ацәнакит Николас Мадуро Венесуела изинмчра азхаҵара. Абри инамаданы Венесуела иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ "ЕАА иаруадаҩуеит атәылаҿ аполитикатә ҭагылазаашьа аӡбра" ҳәа азгәеиҭеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Еиду Америкатәи Аштатқәа Николос Мадуро изинмчра ахьазхарымҵо иаруадаҩуеит иара усгьы иуадаҩу атәылаҿ аполитикатә ҭагылазаашьа аӡбра ҳәа иҳәеит Венесуела иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Владимир Заемски.

Вашингтон Мадуро имчра мап ацәнакуеит - Sputnik Аҧсны
Вашингтон Мадуро имчра мап ацәнакуеит

"Еиду Америкатәи Аштатқәа,"Группы Лимы", Евроеидгыла рхымҩаԥгашьа аполитикатә ӡбара аԥшаара ахышәа-ҵышәа еиҳагьы иарҭшәоит. Абри аганахь ала акыр ииашоуп Мексика апозициа", - ҳәа иҳәоит адипломат.

Венесуела ахада Николас Мадуро аԥшьашаҽны аҭоубашьҭаҵара мҩаԥигеит 2019–2025 шықәсқәа рзы Венесуела ахадак иҳасаб ала.

Америкатәи аҳәынҭқаррақәа реиҿкаара Мадуро изинмчра азхарымҵеит, Парагваи акәзар адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ааннакылеит. Уаанӡа алатиноамерикатәи агәыԥ "Группы Лимы", Мексика аалхны, аҳәамҭа ҟарҵахьан Мадуро дшазхарымҵо азы. Абри аҩыза апозициа аанакылоит Еиду Аштатқәагьы.

Венесуела алхрақәа мҩаԥысит лаҵара 20 рзы. Мадуро изы рыбжьы рҭиит 6,2 милионҩык алхыҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0