Песков ателеканал RT аблокировказ: ҳзинқәа мап рцәаҳкуам

© Sputnik / Evgeny Biyatov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛоготип телеканала Russia Today на здании в Москве
Логотип телеканала Russia Today на здании в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ателеканал RT адиректор хада Маргарита Симониан аҳәамҭа ҟалҵахьан CNN арепортаж ашьҭахь асоциалтә ҳа Facebook аҿы аккаунтқәа раркра геополитикатә еиҿагылароуп ҳәа.

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит ателеканал RT асоциалтә ҳа Facebook аҿы аккаунтқәа раркра аганахь ала азинқәа аԥыжәара ргап ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иҟоу ззыҟоу ҳарҳәароуп. RT аинтересқәа ахьчароуп. Аилахәыра иаартны иаҳәароуп иҟалаз ззыҟалаз, мзызс иҟоу", - иҳәеит Песков.

Брифинг официального представителя МИД России М.В.Захаровой - Sputnik Аҧсны
Захарова: ателеканал RT адыркыр Британиатәи АИХ-қәа Урыстәыла русура аанкылахоит

Иара иазгәеиҭеит RT изныкымкәа аинтересқәа рыхьчараз ишгылахьо, иҳәеит агәрахаҵара шимоу уажәгьы усеиԥш ишыҟало.

"Ҳара изныкымкәа ҳинтересқәа рыхьчара ҳалҳаршахьеит. Уажәгьы ус ишыҟало агәра згоит", - ҳәа иҳәеит ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ.

Уи адагьы Песков иҳәеит Facebook аҿы RT аккаунтқәа рықәгара урыстәылатәи АИХ рықәыӷәӷәароуп иаанаго ҳәа, Урыстәыла иаҿагыло аҳәынҭқаррақәа асоциалтә ҳақәа рҿы амаҵзурақәа мҩаԥызго аилахәырақәа рхы иадырхәоит абри азы ҳәа.

"Урыстәылатәи АИХ рықәыӷәӷәара, убри аан иаартны, ԥхамшьарыла оумашәа иумбарц залшом. Иара убасгьы иузымдыруа акакәым Урыстәыла иаҿагыло аҳәынҭқаррақәа асоциалтә ҳақәа рҿы амаҵзурақәа мҩаԥызго аилахәырақәа рхы ишадырхәо", - иҳәеит Песков.

Уаанӡа Facebook Ruptly иатәу ихьыԥшым ажурналисттә гәыԥ Maffick Media апроектқәа ԥшьба рдаҟьақәа ықәнагеит.

Апроектқәа иркьыԥхьит аҭоурых, ажәабжьқәа, асоциалтә проблемақәа ирызку авидеоматериалқәа. Facebook аблокировка шыҟанаҵо азы апроектқәа адырра рнамҭеит, амзызгьы амҳәеит.

CNN арепортаж ашьҭахь асоциалтә ҳа Facebook аҿы аккаунтқәа ԥшь-сааҭк рыҩныҵҟа иадыркит. CNN аматериалқәа ишырҳәо ала ателеканал асиужет азнархиеит аналитикатә центр German Marshall Fund аҟынтәи аинформациа анаиу ашьҭахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0