Мадуро Гуаидо иахь ааԥхьара ҟаиҵеит алхрақәа рылаиҳәарц

© © REUTERS / StringerПрезидент Венесуэлы Николас Мадуро. Архивное фото
Президент Венесуэлы Николас Мадуро. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа аоппозициа аԥхьагыла Хуан Гуаидо Венесуела арратә мчрақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵахьан ЕАШ иаанашьҭуа агуманитартә еидарақәа атәылахь иаларыжьларц.

АҞӘА, жәабран  20 фев - Sputnik.  Венесуела ахада  Николас Мадуро аоппозициатә парламент аиҳабы Хуан Гуаидо атәылаҿ алхрақәа мҩаигарц иабжьигеит "Гуаидо бжьыҭирала иҭыԥ идырбарц" азы ҳәа аҩуеит РИА Новости.

Мадуро агәра ганы дыҟоуп абжьыҭираан Гуаидо иарбанызаалак лшарак иоуам ҳәа, избанзар Венесуела ажәлар иара далырхӡом азы.

"Алхрақәа зымҩаԥимгои? Ажәлар ралхра дацәшәома? Сара ҳәа зхы рылазҳәаз ақьачақь алхрақәа рылаиҳәааит, ихьуа ибап", - ҳәа иҳәоит Мадуро амедицинатә университет аушьҭымҭацәа рҿаԥхьа дықәгыло. Ақәгылара Twitter ала идырбан.

Ажьырныҳәа 21 рзы Венесуела иахьатәи ахада Николас Мадуро иҿагыланы Каракас ақәгыларақәа ирылагеит. Апарламент аспикер Хуан Гуаидо ажьырныҳәа 23 рзы атәыла ахадас ихы рылеиҳәеит.

Президент РФ В. Путин встретился с президентом Венесуэлы Н. Мадуро - Sputnik Аҧсны
Мадуро мҽхакыҭбаалатәи ар рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигоит

Гуаидо истатус адгылара арҭеит: ЕАШ, Канада, Аргентина, Бразилиа, Чили, Колумбиа, Коста-Рика, Гватемала, Гондурас, Панама, Парагваи, Перу, Қырҭтәыла.

Урыстәыла Мадуро адгылара инаҭоит аконституциатә шьаҭа зманы иҟоу атәыла ахадак иҳасаб ала.

Европатәи атәылақәа зеижә: Испаниа, Португалиа, Германиа, Великобританиа, Даниа, Нидерланды, Франциа, Венгриа, Австриа, Финлиандиа, Бельгиа, Лиуксембург, Чехиа, Латвиа, Литва, Естониа, Польша, Швециа, Хорватиа, Македониа, Румыниа жәабран 4 рзы рнапы еицаҵарҩит адеклорациа, иазгәарҭеит Хуан Гуаидо аамҭалатәи Венесуела ахада  ҳәа дшазхарҵо азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0