Киевтәи аӡбарҭа Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКиевтәи аӡбарҭа Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит
Киевтәи аӡбарҭа Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмчы змоу Татиана Москалькова апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иус азнеишьа еиҭакхар алшоит атәыла анапхгара ҿыц ралхра ашьҭахь ҳәа агәыӷра ҟалҵахьан.

АҞӘА, лаҵара 8 — Sputnik. Киев ақалақь, Подольсктәи аӡбарҭа РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит адукат Андреи Домански.

"Ԥхынгәы 22 рҟынӡа аҿҳәара инахеит. Иаанкылара аҭагылазаашьа аиҭакразы азыҳәа мап ацәыркит", - ҳәа иҳәеит иара.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова Кирилл Вышински иаанкылара аҿҳәара анахара далацәажәеит:

"Ари аус астадион аҿы имҩаԥырго баттлым. Аус аҿы иаабо демократиоуп", - ҳәа лҩит Захарова Facebook аҿы.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Зеленски ихьӡала Вышински ихақәиҭтәразы ажурналистцәа ашәҟәы нарышьҭит

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0