Киевтәи аӡбарҭа Вышински иганахь ала ахарадҵаратә шәҟәы аԥхьара хнаркәшеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Кирилл Вышински иганахь ала изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 18 рзы.

АҞӘА, рашәара 11– Sputnik. Киев ақалақь Подольсктәи аӡбарҭаҿ ихдыркәшеит апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински иганахь ала ахарадҵаратә шәҟәы аԥхьара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости адукат Андреи Домански иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Киев ақалақь Подольсктәи аӡбарҭаҿ ихдыркәшеит апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински иганахь ала ахарадҵаратә шәҟәы. Уажәшьҭа еилыркаараны иҟоуп иара ихы ахара адиҵоу иадимҵоу. Аилатәара ҟалараны иҟоуп рашәара 18 асааҭ 17.00 рзы", – иҳәеит Домански.

Кирилл Вышинский - Sputnik Аҧсны
Вышински иус ОБСЕ иалацәажәоит

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0