ЕАА аҵараҵара иахысуаз ҭырқәтәылатәи аԥрыҩцәа F-35 ахь инарышьҭуам

© Foto / AFP 2019 / Getty Images / Jeff J MitchellАмериканский военный самолет F-35. Архивное фото
Американский военный самолет F-35. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАА иагәҭакуп апрограмма F-35 ҭырқәтәылатәи аԥрыҩцәа раламырхәра, Ҭырқәтәыла урыстәылатәи акомплексқәа ЗРК С-400 ахьаанахәо иахырҟьаны.

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik. ЕАА, Аризона аштат аҿы, арра-ҳаиртә база "Люк" аҵараҵара иахысуаз ҭырқәтәылатәи аԥрыҩцәа F-35 ахь инарышьҭуам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Рейтери Пентагон ахаҭарнаки рдыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Уаанӡа ажурнал Foreign Policy иакьыԥхьит Пентагон ахада Патрик Шанахан ҭырқәтәылатәи иколлега Хулуси Акару адырра ииҭеит F-35 аҟны аԥырра зҵо аԥрыҩцәа атәыла ԥхынгәы 31 рҟынӡа иаанрыжьроуп ҳәа.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Америкатәи швециатәи аҳаирпланқәа Урыстәыла аҳәааҿ ирбеит

Аӡбра рыдкылан америка-ҭырқәтәылатәи аиҿцәажәарақәа рышьҭахь. Вашингтон Анкара урыстәылатәи азенит-ракетатә комплекс (ЗРК) С-400 аахәара мап ацәнакырц ақәыӷәӷәара ҟанаҵон. Ҭырқәтәыла акомплексқәа рааххәара мап ацәнамкыр, Вашингтон ҭырқәтәылатәи аруаа апрограмма F-35 иалнагоит ҳәа азгәанаҭон Вашингтон.

Таип Ердоган иакәзар Дональд Трамп идигалеит аицусуратә гәыԥ аԥҵазарц, С-400 рганахь ала.

ЕАА, С-400 НАТО астандартқәа ирықәшәом ҳәа иқәгылоуп.

Анкара уи аҭакс аҳәамҭа ҟанаҵеит С-400 америкатәи F-35 азы шәарҭара алам ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0