Урыстәыла абитуриентцәа еиҳа иргәаԥханы иалырхуа азанааҭқәа шьақәыргылоуп

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАстудентцәа
Астудентцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иаҵанакуа 154 еиланхарҭа ҭыԥ рҿы ишьақәдыргылеит абитуриентцәа еиҳа иалыркаауа азанааҭқәа.

АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Асервис Superjob адыррақәа рыла, 2019 шықәса рзы аҿар еиҳа иалырхуа азанааҭқәа IT-и амедицинеи русхкқәа роуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

2019 шықәса рзы зыхшара иреиҳауи абжьаратәи ҵараиурҭақәа ирҭало аҭаацәа ирҳәеит рыхшара еиҳа иалырхуа азанааҭқәа: апрограммист изанааҭ (17%), аҳақьым изанааҭ (16%), анџьныр изанааҭ (10%), азиндырыҩ изанааҭ (9%), арҵаҩы изанааҭ (6%), IT-ҟазауаа (17%), амедиаҳәшьа ма афельдшер изанааҭ (11%), ахәыҟаҵаҩ ма акондитер (7%), адизаинер (6%) аҳасабеилыргаҩ (6%).

2019 шықәса лаҵара 20 инаркны рашәара 12 рҟынӡа Урыстәыла, 154 еиланхарҭа ҭыԥ рҿы ишьақәдыргылеит абитуриентцәа еиҳа иалыркаауа азанааҭқәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0