Урыстәыла ААР: MH17 аҭахара иазку авидео ԥаршеиуп

© Sputnik / Игорь Маслов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМалаизиатәи Боинг MH17 аԥҽыхақәа
Малаизиатәи Боинг MH17 аԥҽыхақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Малаизиа аԥыза-министр Махатхир Мохамад уаанӡа иҳәахьан малаизиатәи Боинг MH17 Украина 2014 шықәсазы аҭахара аҭҵаара аполитикатә ҵаҵӷәы аҭоуп ҳәа.

АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Урыстәылатәи аҟазауаа имҩаԥыргаз аекспертиза ишьақәнарӷәӷәеит авидеоматериалқәа афальсификациа шрызуу. Урҭ аматериалқәа роуп Аусҭҵааратә гәыԥ Boeing MH17 аҭахара ашьақәыргыларазы ҵаҵӷәыс иҟанаҵо ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аминистрраҿы ирҳәеит арыцҳара аныҟала аԥхьатәи амш инаркны Москва иамаз аинформациа шарзоз, аусеицура ишазыхиаз.

"Абарҭ аусурақәа рҳәаа иҭагӡаны урыстәылатәи аусбарҭақәа аусура ду мҩаԥыргеит, ишьақәдыргылеит аракета украинатәи ар рхы иадырхәо шакәыз, имҩаԥыргеит имаҷымкәа аекспертизақәа, урҭ иаадырԥшит авидеоматериал шҵаҵӷәыдаз", - рҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

Малаизиатәи Boeing, Амстердамнтәи Куала-Лумпур ареис MH17 2014 шықәса ԥхынгәымзазы Донецк амҵан икарыжьит. Аҳаирплан иҭан 298-ҩык апассаџьырцәа. Урҭ зегьы ҭахеит. Киев аҳаирплан казыжьыз Донбасстәи амчрақәа роуп ҳәа рҳәеит.

Нидерландқәа апрокуратура зхадараҿы иҟаз акомиссиа Урыстәыла аламырхәыкәа аҳаирплан аҭахара ҭнаҵаауан. Урҭ рдыррақәа рыла, Boeing кажьын ЗРК "Бук", УА аҳаиртә мчқәа 53-тәи азенит-ракетатә бригада ахархәарахь ирымоу ала икажьын ҳәа.

Урыстәылатәи аган акомиссиа ирырҭеит аракета ЗРК "Бук" Украина иатәуп ҳәа аха уи зхьаԥшра арымҭеит.

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков изныкымкәа иҳәахьеит Урыстәыла Boeing аҭахара иалахәуп ҳәа ирҳәо мап шацәнакуа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0