Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырыргеит уаанӡа ирзымдыруаз Фредди Меркиури иашәа

© AP Photo Marco ArndtФредди Меркиури
Фредди Меркиури - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәа ҭаҩын 1986 шықәса рзы, амузыкант иԥсҭазаара иалҵра хәышықәса шагыз, аха аудиомҩангагақәа рыла иҭыжьымхацызт.

АҞӘА, рашәара 21 — Sputnik. Аилахәыра Universal Music YouTube аҿы иӡырнагеит агәыԥ Queen ашәаҳәаҩ Фредди Меркиури уаанӡа ицәыргамыз иашәа "Time Waits For No One", ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ашәа ӡыргахеит амузыкант, апродиусер Деив Кларк, Фредди иҩыза ҩышықәсатәи иусура иалҵшәаны", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ашәа аверсиа ҿыц азы ахархәара рыҭан афортепианотә репетициақәа рҟынтәи архивтә ҭаҩрақәа. Уи адагьы еиҭашьақәыргылан Меркиури дызлахәыз авидеоқәа.

Меркиури иашәақәак иара иԥсы анҭаз адунеи абара иахьымӡеит. Урҭ реидкыла ҭыжьын 1995 шықәса рзы альбом ҳасабла: Made in Heaven ("Сделано на небесах").

2000 шықәса рзы агәыԥ Queen аконцерттә усура иацнаҵеит асолист хада ида.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0