Чехиа ахада Ҟрым Урыстәыла адларазы: шәҽаншәраал, уи ԥсахшьа амам

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧехиа ахада Милош Земан
Чехиа ахада Милош Земан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Чехиа ахада Милош Земан асанкциақәа мап рыцәктәуп, избанзар Ҟрым Урыстәыла наунагӡа иалалеит азы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

АҞӘА, рашәара 21 — Sputnik. Чехиа ахада Милош Земан Украинахьи адунеитә еилазаарахьи ааԥхьара ҟаиҵеит Ҟрым Урыстәыла алалара рыдыркыларц азы.

"Ари иузеиҭамкуа фактуп", — иҳәеит иара, ателеканал Barrandov аинтервиу аҭо.

Евроеидгыла  - Sputnik Аҧсны
Евроеидгыла Урыстәыла иазыҟаҵоу асанкциақәа рыҿҳәара иацырҵеит

Земан иара убасгьы иазгәеиҭеит асанкциақәа Урыстәыла аекономика анырра шарымҭаз. Иара убри аан иазгәеиҭеит Германиеи Франциеи рхадацәагьы абарҭ аԥкрақәа рзы ргәаанагарақәа шырыԥсахыз.

"Асанкциақәа аус рымуазар, изаԥумхри", - иҳәоит Земан.

Аԥшьаша Евроеидгыла асанкциақәа рыҿҳәара иацнаҵеит.

Иара убри аҽны, Владимир Путин ишиашо ицоз аефир аҿы иҳәеит Урыстәыла асанкциақәа ааларгалазар, 50 миллиард доллар ацәыӡит, Евроеидгыла атәылақәа ракәзар, ирцәыӡит 240 миллиард доллар ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0