Гәабаадәы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп

© Foto / VK/ЧП СочиПоследствия селя на Роза Хуторе, 24 июня 2019
Последствия селя на Роза Хуторе, 24 июня 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәабаадәы аҿы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп ааигәа иауз ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны аҳәынҵәаршьшьы ахьлеиз азы.

АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Шәача ақалақь ахадара Гәабаадәы аҿы аҭагылазаашьа ҷыда аланагалеит ааигәа иауз ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны илеиз аҳәынҵәаршьшьы ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхраз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Гәбаадәаҿы аусурақәа ирҿуп. Шәача ақалақь ахада Анатоли Пахомов идҵала ара аҭагылазаашьа ҷыдақәа алагалоуп. Аҭыԥ аҿы аус руеит 81-ҩык аҟазауаа, ахархәара рыҭоуп 41 ак атехника. 11 нызқь кубометр аҳәынҵәаршьшьы ықәыргахьеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ашәахьа, рашәара 24 рзы илеиз ақәаршҩыӷәӷәа иахҟьаны аҳәынҵәаршьшьы акурорттә ҳабла иқәлеит. Аолимпиатә қыҭеи аетнографиатә комплекс "Моя Россиеи" рымаҵ зуаз аҳауаҭарчыгақәа ԥхасҭахеит. Ахаша ашьыжь ауп аҟазауаа амашьынамҩа арыцқьара анрылшаз.

Дагомыстәи ДРСУ аӡиас Сулимовски ашьҭра аҭрыцқьаара иаҿуп. Афедералтә соуиалтә ҳа аилахәыра "Единая энергетическая система" аҵлақәеи ахаҳә-мҿыхә ықәыргоит, еиҭашьақәдыргылоит афымцацәаҳәақәәа,, атрансформатортә станциа маҷ ТП-20. Аилахәыра "Россети" еиҭашьақәнаргылоит аҳәынҵәеиларшьшь аанкылага ҭыӡқәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0