Афорум "Армия-2019" аҿы триллион мааҭ инареиҳаны аилаӡарақәа рыбжьарҵеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Армия-2019"
Армия-2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афорум аламҭалаз аексперттә гәыԥ "ЭРА" 370 рҟынӡа проект ирыхәаԥшит.

АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин далархәны ауснагӡатә аҟны ирылаҳәан афорум "Армия-2019" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩынҩажәи фба ҳәынҭқарратә еилаӡара напы рыҵаҩуп ҳәа. Апроектқәа иааидкыланы рыхәԥса триллион мааҭ артәоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Жәларбжьаратәи арра-техникатә форум "Армия-2019" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩынҩажәи фба ҳәынҭқарратә еилаӡара напы рыҵаҩуп. Апроектқәа иааидкыланы рыхәԥса триллион мааҭ артәоит", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Ахәбатәи жәларбжьаратәи арра-техникатә форум "Армия-2019" мҩаԥысуеит рашәара 25 -30 рзы Москватәи аобласт, апарк "Патриот", аҳаиртә баӷәаза Кубинка, аполигон Алабино рҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0