Иагьубом, иагьуаҳауам: урыстәылатәи анџьнырцәа арадар ҿыц аԥырҵеит

© Sputnik / Роман Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрадар
Арадар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
РЛС "Тропа" раԥхьатәи амодель аԥҵан СССР ииасыз ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа раан. Урҭ уажәыгьы ахархәара рымоуп.

АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik. Арадиолокациатә станциа ҿыц "Тропа" қәҿиарала аԥышәарақәа ирхысит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Анаплакы "ОКБ-Планета" адиректор хада Александр Петров иажәақәа рыла, астанциа адкылара мацара мҩаԥнагоит, иара ахаҭа ахы цәырнагӡом.

"Иагьубом, иагьуаҳауам", - иҳәоит Петров.

Аԥышәарақәа раан арадар аимадаратә қәыцәқәа ирныԥшыз аҳаирплан гәанаҭеит.

Петров ишиҳәо ала, арадар аахәараз аинтерес аадырԥшхьеит амчратә еилазаарақәа реиԥш, хазы игоу ахаҿқәагьы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0