ОБСЕ: Украина ахадарахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Вышински ихы дақәиҭтәызарц

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание суда по делу журналиста К. Вышинского
Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Киевтәи аӡбарҭа апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иусӡбара ԥхынгәы 19 рахь иианагахьан.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. АИХ рхақәиҭра азҵааразы ахаҭарнак Арлем Дезир аҳәамҭа ҟаиҵеит ОБСЕ Украина ахадарахь ааԥхьара ҟанаҵоит апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински ихы дақәиҭтәызарц ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Кирилл Вышинский - Sputnik Аҧсны
Вышински иус ахәаԥшра ахыргеит

"Вышински иганахьала аӡбарҭа аилатәара ԥхынгәы 19 рзы имҩаԥгахоит ҳәа издыруеит. Иҟоу аҭагылазаашьа схы иархәаны аҽазныкгьы исҳәоит ажурналист ихы дақәиҭтәуп ҳәа", - иҳәеит Дезир.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Кирилл Вышински ашәахьа, ԥхынгәы 15 рзы доурышьҭыр ҟалоит

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

2019 шықәса мшаԥымзазы 250-ҩык ажурналистцәа Украина ахада ҿыц Владимир Зеленски ашәҟәы изынарышьҭит ажурналист ихы дақәиҭитәразы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0