Иԥсҭазаара далҵит ашәаҳәаҩ Вилли Токарев

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВилли Токарев
Вилли Токарев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амузыкант 85 шықәса дшырҭагылаз Москва иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит ашәаҳәаҩ, акомпозитор Вилли Токарев ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Токарев исҭазаара далҵит илаҽыз акьыбачымазара иахҟьаны. Аҵыхәтәантәи ҩымз рыҩнуҵҟа ахәышәтәырҭа дҭан.

1974 шықәса рзы нхара ҳәа ЕАА рахь диасит. Аԥхьа атакси ирныҟәон, нас аԥошьҭа ныҟәигон. 1979 шықәса рзы иҭыҵит раԥхьатәи ипластинка "А жизнь — она всегда прекрасна". Аҽа ҩышықәса рышьҭахь иҭыҵит аҩбатәи альбом — "В шумном балагане". Иара иаарласны ирылаҵәеит, аиҳарак уа инхоз аурысқәа рыбжьара.

Еиҳа иналкааны инеигӡон ашәақәа — "Небоскребы", "Журавли", "Чубчик кучерявый". Токарев ҩынҩажәижәаба рҟынӡа альбом ҭижьхьан.

Ԥшьынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы СССР гастроль ҳасабла дыҟан, аамҭақәак рышьҭахь дхынҳәит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0