Асаммит "Урыстәыла-Африка" аан аидарамҩангагақәа "Џьубга-Аԥсны" рныҟәара аанкылоуп

CC0 / / аидарамҩангага
аидарамҩангага  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 22-25 рзы Шәача имҩаԥысраны иҟоуп аекономикатә саммит. Убри аан амҩатә ныҟәара ашәарҭадаразы аидарамҩангага машьынақәа амҩахәҭа "Џьубга-Аԥсны" рныҟәара аанкылахоит.

АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik. Асаммит "Урыстәыла-Африка" мҩаԥысуанаҵы аидарамҩангага машьынақәа афедералтә мҩахәҭа А-147 "Џьубга-Аԥсны" рныҟәара аанкылахоит ҳәа аанацҳауеит акурорт ахадара.

Иазгәаҭоуп ари аҩыза аԥкра ҽынла мацара шакәу ианыҟало.

"Жьҭаара 22-25 асааҭ 06.00 - 00.00 рзы асаммит "Урыстәыла-Африка" мҩаԥысуанаҵы аидарамҩангага машьынақәа афедералтә мҩахәҭа А-147 "Џьубга-Аԥсны" рныҟәара аанкылахоит", - ҳәа аанацҳауеит акурорт ахадара.

Абри амҩахәҭа адагьы аԥкрахьы иаҵанакуеит амҩахәҭа "Адлер – Альпика Сервис".

Ажәабжьқәа зегьы
0